Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәынба Мурашко диацәажәеит Аԥсны ахәыҷқәа рпрофилактикатә гәаҭара амҩаԥгараҿы дыцхыраарц

© Sputnik Гунба договорился с Мурашко о помощи в профилактическом осмотре детей в Абхазии
Гунба договорился с Мурашко о помощи в профилактическом осмотре детей в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Бадра Гәынба Урыстәылатәи Афедерациа Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко ахәыҷқәа рпрофилактикатә гәаҭара амҩаԥгара аганахьала Аԥсны ацхыраара аиҭарц диацәажәеит.
Уи азы иҷыдоу амедицинатә хархәагақәа зҭагылоу амашьына ахархәара аиуеит. Аԥснытәи аполитикатә усзуҩи аминистри реиԥылараҿы ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан агәы-датә чымазарақәа змоу ареспублика ауааԥсыра иҷыдоу ацхыраара рыҭара азҵаара.
"Аԥсныҟа иаагахоит зыхә цәгьоу аппарат, ангиограф, уи амиокард аинфаркт ӷәӷәеи егьырҭ ачымазарақәеи змоу атәылауаа рыԥсҭазаара еиқәнархоит", — ҳәа иҳәеит Михаил Мурашко.
Уи иазгәеиҭеит, иахьатәи аамҭазы Аԥсны дшыҟоу аԥхьагылара змоу акардиолог академик Боицов, уи уа иҟоу аҭагылазаашьа ҭҵааны, ас еиԥш атехника хымԥадатәины ишыҟоу шьақәирӷәӷәеит.
Делегация Минздрава России изучила организацию кардиологической помощи в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2025
Аԥсны
Агәабзиарахьчара аминистрра аделегациа Аԥсны амедицинатә цхыраара шеиҿкаау ҭырҵааит
Аԥснытәи ҳколлегацәа русеицураҿы акыр зҵазкуа форматхоит ателемедицинатә консультациақәа рымҩаԥгара.
"Ҳара иара убасгьы иазгәаҭаны иҳамоуп апатологиа ӷәӷәа змоу ачымазцәа рыҿцәажәара, иаҳҳәап, аԥхьагылара змоу аспециалистцәа алархәны аконсультациақәа рымҩаԥгара анаҭаху, ачымазаҩ иеиқәырхаразы иахәҭоу ацхыраара иоуразы", — ҳәа иҳәеит Михаил Мурашко.
Бадра Гәынба аҩҳәынҭқаррак агәабзиарахьчара аганахьала ирыбжьоу аусеицура ахә ҳаракны ишьеит, еицырзеиԥшу апрограммақәа рыцҵаразы агәыӷра шимоу азгәеиҭеит. Иара иҳәеит Аԥсны аспециалистцәа зегьы Урыстәылатәи амедицинатә ҵараиурҭақәа ирылгаз шракәу, уи рҵарадырра аҩаӡара шыҳараку шышьақәнарӷәӷәо.
"Ҳара урҭ ауаа ҳрықәгәыӷуеит, ҳтәылауаа ргәабзиара иазеиӷьхо аусқәа рацәаны иҟаҳҵар шҳалшо агәра ганы ҳаҟоуп, урҭ рыдагьы – Аԥсны иаҭаауа, ауадаҩрақәа ирықәшәо ​​атуристцәа рзгьы", — ҳәа агәра ииргеит иара.
Сергей Кириенко посетил Республиканскую больницу в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.02.2025
Аԥсны
Сергеи Кириенкои Едуард Быҭәбеи агәабзиарахьчара аусхк аҟны аусеицура иалацәажәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0