https://sputnik-abkhazia.info/20250201/sergei-kirienkoi-eduard-bybei-agabziarakhchara-auskhk-any-auseitsura-ialatsazheit-1053580060.html
Сергеи Кириенкои Едуард Быҭәбеи агәабзиарахьчара аусхк аҟны аусеицура иалацәажәеит
Сергеи Кириенкои Едуард Быҭәбеи агәабзиарахьчара аусхк аҟны аусеицура иалацәажәеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аԥсныҟа усутә ныҟәарала иаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Агәабзиарахьчара... 01.02.2025, Sputnik Аҧсны
2025-02-01T22:20+0300
2025-02-01T22:20+0300
2025-02-01T23:45+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
сергеи кириенко
ауаажәларра
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/01/1053577829_0:0:3014:1696_1920x0_80_0_0_75a0e615fc3468952d9a5ffe990daa30.jpg
АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аԥсныҟа усутә ныҟәарала иаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәба диԥылеит. Быҭәба Сергеи Кириенко изеиҭеиҳәеит агәыхь змоу ачымазцәа зтехнологиа ҳараку ацхыраара роуразы Аԥсны анҭыҵ ацара шрықәшәо, убри иахҟьаны иаҳа ианшәарҭоу аҭагылазаашьақәа раан аамҭа мыцхәы шрыцәцо. Иара иажәақәа рыла, есышықәса абри аҩыза ауадаҩрақәа ирықәшәоит 750-ҩык рҟынӡа ареспублика атәылауаа.Аилацәажәарақәа раан рыӡбахә ҳәан ари азҵаараҿы адгылара азыҟанаҵартә аҭагылазаашьақәа ртәы. Убас, Урыстәыла Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра иацхраауеит 100 миллион мааҭк зыхә ыҟоу акоронарографиазы амаругақәа раахәараҟны ҳәа иҳәеит Сергеи Кириенко.Ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аргылара Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аҟәа зыргылара иаҿу Ареспубликатә ахәыҷтәы хәышәтәырҭа гәеиҭеит. Аԥаратә хархәагақәа ахьмаҷыз иахҟьаны ара аргыларақәа аанкылан. Кириенко аобиект аҵак ду шамоу азгәеиҭеит, апроблема аӡбара дшацхраауа агәра диргеит аԥсуа гангьы 2026 шықәсазы аобиект аргылара шыхдыкәшо ажәа ирҭеит. Ахәышәтәырҭа аргылара мҩаԥысуеит 2023-2025 шықәсқәа рызтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны. Уи ахарџь ҿыц аԥхьаӡара ашьҭахь 800 миллион мааҭ иҟалоит.Урыстәылатәи аҳақьымцәеи аԥснытәиқәеи рконсультациақәаСергеи Кириенко иара убас агәаанагара ааирԥшит Аԥсны иаԥҵатәуп урыстәылатәи аҳақьымцәеи аԥснытәиқәеи авидеоконсультациақәа мҩаԥыргаразы ишахәҭоу еибыҭоу аҭагылазаашьатә центр аԥҵатәуп ҳәа. Иара иажәақәа рыла, ари аметодика лҵшәа бзиала аус шауа Урыстәыла иԥыршәахьеит. Уи адагьы, иара иҳәеит аԥснытәи аҳақьымцәа иара иахь аҳәара шыҟарҵаз инахараны иҟоу ақыҭақәа рҿы инхо ахәыҷқәа рзы адиспансеризациа аиҿкаараҟны дацхраарц. Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра азхиоуп ари аус аҟны ацхыраара аҟаҵара, уи азы ахәыҷтәы хәышәтәырҭа ргыланы иалгаанӡа аԥшрагьы аҭахӡам ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Кириенко.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/01/1053577829_153:0:2884:2048_1920x0_80_0_0_e1092dcf277633763ad84e472dd6c2ea.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, сергеи кириенко, ауаажәларра
ажәабжьқәа, сергеи кириенко, ауаажәларра
АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аԥсныҟа усутә ныҟәарала иаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәба диԥылеит.
Быҭәба Сергеи Кириенко изеиҭеиҳәеит агәыхь змоу ачымазцәа зтехнологиа ҳараку ацхыраара роуразы Аԥсны анҭыҵ ацара шрықәшәо, убри иахҟьаны иаҳа ианшәарҭоу аҭагылазаашьақәа раан аамҭа мыцхәы шрыцәцо.
Иара иажәақәа рыла, есышықәса абри аҩыза ауадаҩрақәа ирықәшәоит 750-ҩык рҟынӡа ареспублика атәылауаа.
Аилацәажәарақәа раан рыӡбахә ҳәан ари азҵаараҿы адгылара азыҟанаҵартә аҭагылазаашьақәа ртәы. Убас, Урыстәыла Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра иацхраауеит 100 миллион мааҭк зыхә ыҟоу акоронарографиазы амаругақәа раахәараҟны ҳәа иҳәеит Сергеи Кириенко.
Ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аргылара
Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аҟәа зыргылара иаҿу Ареспубликатә ахәыҷтәы хәышәтәырҭа гәеиҭеит.
Аԥаратә хархәагақәа ахьмаҷыз иахҟьаны ара аргыларақәа аанкылан. Кириенко аобиект аҵак ду шамоу азгәеиҭеит, апроблема аӡбара дшацхраауа агәра диргеит аԥсуа гангьы 2026 шықәсазы аобиект аргылара шыхдыкәшо ажәа ирҭеит.
"Сара хымԥада агәра ганы сыҟоуп ари ахыбра аусура ианалагалак, ахәыҷқәа рыбжьара аԥсрақәеи ачымазарақәеи еиҳа ишмаҷхо, ус анакәхо, аԥсҭазаарақәа реиқәырхараҿы ишхәарҭара духо", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Ахәышәтәырҭа аргылара мҩаԥысуеит 2023-2025 шықәсқәа рызтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны. Уи ахарџь ҿыц аԥхьаӡара ашьҭахь 800 миллион мааҭ иҟалоит.
Урыстәылатәи аҳақьымцәеи аԥснытәиқәеи рконсультациақәа
Сергеи Кириенко иара убас агәаанагара ааирԥшит Аԥсны иаԥҵатәуп урыстәылатәи аҳақьымцәеи аԥснытәиқәеи авидеоконсультациақәа мҩаԥыргаразы ишахәҭоу еибыҭоу аҭагылазаашьатә центр аԥҵатәуп ҳәа.
Иара иажәақәа рыла, ари аметодика лҵшәа бзиала аус шауа Урыстәыла иԥыршәахьеит. Уи адагьы, иара иҳәеит аԥснытәи аҳақьымцәа иара иахь аҳәара шыҟарҵаз инахараны иҟоу ақыҭақәа рҿы инхо ахәыҷқәа рзы адиспансеризациа аиҿкаараҟны дацхраарц. Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра азхиоуп ари аус аҟны ацхыраара аҟаҵара, уи азы ахәыҷтәы хәышәтәырҭа ргыланы иалгаанӡа аԥшрагьы аҭахӡам ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Кириенко.