Аԥсны

Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аушьҭратә ҭыԥ алшарақәа ирыцҵахоит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 6 Sputnik. Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аушьҭырҭатә ҭыԥ алшарақәа ирыцҵахоит.
"Иахьазы Ԥсоу аӡиас ихыу ацҳаҿы аҳәаахыҵырҭак аус ауеит. Ҳара аиқәшаҳаҭра ҳамоуп ари аргылара аиҭашьақәыргылареи аныҟәгареи рзы. Ҳақәгәыӷуеит арии егьырҭ аиқәшаҳаҭрақәеи еицынаҳагӡап ҳәа. Ишәасҳәар сҭахуп аамҭа-аамҭала апассаџьырцәа рымҩанысратә лшара ишацаҳҵо, избанзар уи есышықәса еизҳауеит. Убри азы агәаҭаратә ҭыԥ аки бжаки рыла еиҳаны аизырҳара ҳақәгәыӷуеит, аҳазалхратәи аҳәаахьчаратәи усқәа атуристцәа рзы иманшәалахарц азы", — ҳәа иҳәеит Урыстәыла Атранспорт аминистр Роман Старовоит Аԥснытәи аполитик Бадра Гәынба даниԥылоз.
Аминистр иазгәеиҭеит, аҳәаа ахыҵырҭа аиҭашьақәыргылара Урыстәыла ауааԥсыреи Аԥсны атәылауааи рыԥсҭазаара ахаҭабзиара аиӷьтәра ишазырхоу.
"Адлер" — Урыстәыла зегь реиҳа анеиааира ахьырацәоу агәаҭаратә ҭыԥуп. Уи ҽнак ала 1,5-нызқь транспорт хархәагеи 28-нызқьҩык ауааи рахыжьра азыԥхьагәанаҭоит, аха иҟалоит 70-нызқьҩык ауааи 12,4-нызқь транспорт хархәагеи анахысуа.
Аԥсны
10 миллиард мааҭк инеиҳаны агәаҭарҭатә ҭыԥ "Адлер" аиҭашьақәыргылара иазоужьуп