Аԥсны

Аԥсны Амилаҭтә галереиаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа 3-4 мзы рыла ихыркәшахоит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 13 - Sputnik. Аԥсны Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа 3-4 мзы рыла ихыркәшахоит. Абри атәы Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимова илзеиҭеиҳәеит анардадатә еиҿкаара ахаҭарнак Русҭам Цәеиба.
Пушкин имҩаду аҿы зыргылара иаҿу асахьаҭыхратә галереиа ахыбрагьы хыркәшахоит абри аҩыза аамҭа иалагӡаны. Уаҟа еиҿкаахоит ареставрациатә зал.
Аминистр ахыбрақәа рыҩбагьы дырҭааны игәалҭеит, илҳәеит аиҭашьақәыргылара анхыркәшахалак ашьҭахь ацәыргақәҵа ахарҭәааразы Урыстәыла ацхыраара аҟаҵара ишазхиоу.
"Ҳара ианаашәҭаххо аусура ҳазхиоуп, уи алацәажәарагьы аҭахӡам", — лҳәеит Ольга Лиубимова.
Аԥсны
Урыстәыла акультура аминистр Аҟәа Аурыс драматә театр даҭааит
Аԥсны Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа аколлекциа аиҳарак 2024 шықәса ажьырныҳәа 21 рзы Лакоба имҩаду аҿы иҟоу ахыбраҿы иҟалаз амцакра иалаблит. Урыстәыла аҟазауаа абылра аныҟала адырҩаҽныҵәҟьа ацхырааразы Аԥсныҟа идәықәнаҵеит, урҭ ралахәлара 150 рҟынӡа аусумҭақәа реиқәырхара алыршахеит.
Иара убасгьы Ольга Лиубимова И.Г. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека даҭааит, уаҟа амца иацәынхаз асахьаҭыхратә ҟазара аҭынхақәа лбеит. Уажәы абиблиотека ахыбраҿ Урыстәыла ҳамҭас иҟанаҵаз амыругақәа рхархәарала урҭ рреставрациаз аусурақәа мҩаԥысуеит. Асахьақәа рыхәҭак Амилаҭтә галереиаҿы аргыларатә усурақәа шхыркәшахалак ицәыргахоит.
Аԥсны
Урыстәылеи Аԥсни аҳазалхратә процедурақәа рырмариара азҵаара иалацәажәоит