https://sputnik-abkhazia.info/20250213/urystyla-akultura-aministr-aa-aurys-dramat-teatr-daaait-1053742600.html
Урыстәыла акультура аминистр Аҟәа Аурыс драматә театр даҭааит
Урыстәыла акультура аминистр Аҟәа Аурыс драматә театр даҭааит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 13 - Sputnik. Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимова 2014 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа афинанстә цхыраарала еиҭашьақәыргылаз Фазиль... 13.02.2025, Sputnik Аҧсны
2025-02-13T12:40+0300
2025-02-13T12:40+0300
2025-02-13T13:57+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/0d/1053741294_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_c83d95db089dd6f958cc6019f296506a.jpg
АҞӘА, жәабран 13 - Sputnik. Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимова 2014 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа афинанстә цхыраарала еиҭашьақәыргылаз Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс ҳәынҭқарратә драматә театр даҭааит. Аминистр атеатр аҭагылазаашьа гәалҭеит, ҳаамҭа иақәшәо игьежьуа асценазы амеханизм ҳамҭас ишыҟарҵо азы адырра ҟалҵеит. Атеатр адиректор хада Иракли Хынҭәба Урыстәыла иҟанаҵаз ацхырааразы ҭабуп ҳәа иҳәеит. "Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аҳәаанырцәтәи аурыс театрқәа адгылара ду рырҭо иалагеит. Урыстәылатәи Афедерациа иахьа аҭакԥхықәра ду иаҵагылоуп аурыс театрқәа, аурыс культура, уи ахаҭарнакцәа раҳасабала реиқәырхареи рырҿиареи рзы, убри аан урҭ акультурақәа еимадазарц, иахьыҟоу атәылақәа ркультурақәа ирыхәҭакны иҟазарц", — ҳәа иҳәеит Иракли Хынҭәба. Ольга Лиубимова инаҵшьны иазгәалҭеит, аҳәаанырцәтәи аурыс театрқәа рыцхрааразы аӡбара Урыстәыла ахада Владимир Путин 2021 шықәсазы ишидикылаз. Иара убас, аминистр Аԥсны акультура аусзуҩцәа дырԥылеит. Уаҟа ирылацәажәеит аҩҳәынҭқаррак русеицура, акультура ахырхарҭала акадрқәа разыҟаҵара, Урыстәылеи Аԥсни еицырзеиԥшу апроектқәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/0d/1053741294_85:0:1052:725_1920x0_80_0_0_52b3b4bcd46a808795f27eadba91b4a2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, акультура
Урыстәыла акультура аминистр Аҟәа Аурыс драматә театр даҭааит
12:40 13.02.2025 (ирҿыцуп: 13:57 13.02.2025) АҞӘА, жәабран 13 - Sputnik. Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимова 2014 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа афинанстә цхыраарала еиҭашьақәыргылаз Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс ҳәынҭқарратә драматә театр
даҭааит.
Аминистр атеатр аҭагылазаашьа гәалҭеит, ҳаамҭа иақәшәо игьежьуа асценазы амеханизм ҳамҭас ишыҟарҵо азы адырра ҟалҵеит.
"Иахьатәи атехнологиақәа рхархәара даара акраҵанакуеит. Сара исарҳәеит, уажәазы араҟа асцена напыла ишшәыргьежьуа. Жәаҳәарада, уи аҟыбаҩ змоу ауаа ԥырхагас ирзыҟам, аха иҵегьы иахьатәи аамҭа иақәшәо алшарақәа ыҟазар шьахәуп", — ҳәа азгәалҭеит Ольга Лиубимова.
Атеатр адиректор хада Иракли Хынҭәба Урыстәыла иҟанаҵаз ацхырааразы ҭабуп ҳәа иҳәеит.
"Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аҳәаанырцәтәи аурыс театрқәа адгылара ду рырҭо иалагеит. Урыстәылатәи Афедерациа иахьа аҭакԥхықәра ду иаҵагылоуп аурыс театрқәа, аурыс культура, уи ахаҭарнакцәа раҳасабала реиқәырхареи рырҿиареи рзы, убри аан урҭ акультурақәа еимадазарц, иахьыҟоу атәылақәа ркультурақәа ирыхәҭакны иҟазарц", — ҳәа иҳәеит Иракли Хынҭәба.
Ольга Лиубимова инаҵшьны иазгәалҭеит, аҳәаанырцәтәи аурыс театрқәа рыцхрааразы аӡбара Урыстәыла ахада Владимир Путин 2021 шықәсазы ишидикылаз. Иара убас, аминистр Аԥсны акультура аусзуҩцәа дырԥылеит. Уаҟа ирылацәажәеит аҩҳәынҭқаррак русеицура, акультура ахырхарҭала акадрқәа разыҟаҵара, Урыстәылеи Аԥсни еицырзеиԥшу апроектқәа.