https://sputnik-abkhazia.info/20250213/urystylei-asni-aazalkhrat-protseduraa-ryrmariara-azaara-ialatsazhoit-1053745776.html
Урыстәылеи Аԥсни аҳазалхратә процедурақәа рырмариара азҵаара иалацәажәоит
Урыстәылеи Аԥсни аҳазалхратә процедурақәа рырмариара азҵаара иалацәажәоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 13 - Sputnik. Урыстәылеи Аԥсни амузеитә цәыргақәҵақәа рымҩаԥгаразы аҳазалхратә процедурақәа рырмариара аԥхьаҟа иалацәажәоит. 13.02.2025, Sputnik Аҧсны
2025-02-13T14:59+0300
2025-02-13T14:59+0300
2025-02-13T14:59+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/0d/1053743604_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_2eeccbfc1ae942d622c0a930c5210649.jpg
АҞӘА, жәабран 13 - Sputnik. Урыстәылеи Аԥсни амузеитә цәыргақәҵақәа рымҩаԥгаразы аҳазалхратә процедурақәа рырмариара аԥхьаҟа иалацәажәоит. Аԥсны акультура аусзуҩцәеи Урыстәылатәи Афедерациа акультура аминистр Ольга Лиубимовеи Аҟәа имҩаԥыргаз аиԥылараан абри аҩыза аҳәара ҟарҵеит. Уажәазы аҳәааҟны ашәҟәҭагаларақәа ирыдҳәалоу ауадаҩрақәа еиҭаҵуа ацәыргақәҵақәа реимдара иаԥырхагоуп. Уи адагьы, иалацәажәеит амузеиқәа реиҭашьақәыргылаҩцәа разыҟаҵара. Ольга Лиубимова ишазгәалҭаз ала, ари азанааҭ азы ауаа разымхара адунеи зегь аҿы иҟоу проблемоуп. "Ари Аԥсны мацара апроблема акәӡам, Урыстәыла апроблемагьы акәӡам. Ари иааизакны адунеи аҿы иҟоу проблемоуп – аҟазауаа раасҭа иуникалтәу аобиектқәа рацәоуп. Ари азҵаара аҳәынҭқарра анапы аланакыроуп. Шәааи, ари ауадаҩра аӡбаразы аҵара еицаҳҵап", — азгәалҭеит аминистр.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/0d/1053743604_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_f33ffef138cced71ec10819df1959844.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, акультура
Урыстәылеи Аԥсни аҳазалхратә процедурақәа рырмариара азҵаара иалацәажәоит
АҞӘА, жәабран 13 - Sputnik. Урыстәылеи Аԥсни амузеитә цәыргақәҵақәа рымҩаԥгаразы аҳазалхратә процедурақәа рырмариара аԥхьаҟа иалацәажәоит.
Аԥсны акультура аусзуҩцәеи Урыстәылатәи Афедерациа акультура аминистр Ольга Лиубимовеи Аҟәа имҩаԥыргаз аиԥылараан абри аҩыза аҳәара ҟарҵеит. Уажәазы аҳәааҟны ашәҟәҭагаларақәа ирыдҳәалоу ауадаҩрақәа еиҭаҵуа ацәыргақәҵақәа реимдара иаԥырхагоуп.
"Аҳазалхраҿы аус зуа ҳколлегацәеи ҳареи ҳаҽрымаданы аусеицура ҳалагоит, ари азҵаара ҭышәынҳартәалоит", — лҳәеит аминистр, аҳәара аҭак ҟаҵо.
Уи адагьы, иалацәажәеит амузеиқәа реиҭашьақәыргылаҩцәа разыҟаҵара. Ольга Лиубимова ишазгәалҭаз ала, ари азанааҭ азы ауаа разымхара адунеи зегь аҿы иҟоу проблемоуп.
"Ари Аԥсны мацара апроблема акәӡам, Урыстәыла апроблемагьы акәӡам. Ари иааизакны адунеи аҿы иҟоу проблемоуп – аҟазауаа раасҭа иуникалтәу аобиектқәа рацәоуп. Ари азҵаара аҳәынҭқарра анапы аланакыроуп. Шәааи, ари ауадаҩра аӡбаразы аҵара еицаҳҵап", — азгәалҭеит аминистр.