АҞӘА, жәабран 14 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә ацхыраарала Аԥсны аспорттә ҭыԥ ҿыцқәа 12 ргылахоит
Аполитик Бадра Гәынба Ҟәбан анапхгарахь аҳәара ҟаиҵеит ареспублика ауааԥсыра адгылара рыҭаразы. Очамчыра, Гал, Тҟәарчал араионқәа рҿы аҟазауаа рыбригадақәа аусура иалагахьеит.
"Асеиԥш иҟоу аспорттә ҭыԥқәа рыҟаҵара иаанаго аинфраструктура аԥҵара мацара акәӡам, ари Аԥсны аҿар рцәеижьтәи рдоуҳатәи гәабзиара еизырҳаны, апатриотизми аграждантә ҭакԥхықәреи рылааӡаразы илагалоуп. Ҳара ари иаҵаабаауеит ҳауаажәлар ргәабзиареи рыбзазареи реиҿкаараҿы зыхәшьара уадаҩу алагала ", — иҳәеит Гәынба икоманда алахәыла Беслан Бигәаа.
Уаанӡа, Аԥсны аҵара аминистр ин.н. Инал Габлиа адырра ҟаиҵахьан Краснодартәи атәылаҿацә анаԥхгара ашколқәеи аҿар рыҩнқәеи рзы аспорттә ҭыԥ ҿыцқәа рыргыларазы ахарџьқәа шазоурыжьҭыз.
Приморскитәи ашкол ашҭаҿ идыргылаз ас еиԥш иҟоу аспорттә ҭыԥқәа руак Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аԥсны даныҟаз даҭаан ибеит.
Ишәгәалаҳаршәуеит, Сергеи Кириенко Гәдоуҭа араион Приморсктәи актәи ашкол дшаҭааз. Иара аклассқәа дрыҩналаны игәеиҭеит, Адыгеиа ацхыраарала ишьақәыргылаз аспорттә дәахьы днеит, арҵаҩцәеи ашколхәыҷқәеи драцәажәеит. Уи адагьы, ашкол ҳамҭас иеиҭеит акомпиутертә класс азы акомпиутер злаархәаша аршаҳаҭга.