https://sputnik-abkhazia.info/20250214/krasnodarti-atylaats-atskhyraarala-asny-asportt-y-ytsa-12-rgylakhoit-1053763864.html
Краснодартәи атәылаҿацә ацхыраарала Аԥсны аспорттә ҭыԥ ҿыцқәа 12 ргылахоит
Краснодартәи атәылаҿацә ацхыраарала Аԥсны аспорттә ҭыԥ ҿыцқәа 12 ргылахоит
Sputnik Аҧсны
Очамчыра, Гал, Тҟәарчал араионқәа рҿы аусурақәа ирылагахьеит. 14.02.2025, Sputnik Аҧсны
2025-02-14T13:50+0300
2025-02-14T13:50+0300
2025-02-14T13:50+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/1c/1046604482_0:161:3067:1886_1920x0_80_0_0_506b5f9149797451f9ed1fe9b56f6e46.jpg
АҞӘА, жәабран 14 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә ацхыраарала Аԥсны аспорттә ҭыԥ ҿыцқәа 12 ргылахоитАполитик Бадра Гәынба Ҟәбан анапхгарахь аҳәара ҟаиҵеит ареспублика ауааԥсыра адгылара рыҭаразы. Очамчыра, Гал, Тҟәарчал араионқәа рҿы аҟазауаа рыбригадақәа аусура иалагахьеит. Уаанӡа, Аԥсны аҵара аминистр ин.н. Инал Габлиа адырра ҟаиҵахьан Краснодартәи атәылаҿацә анаԥхгара ашколқәеи аҿар рыҩнқәеи рзы аспорттә ҭыԥ ҿыцқәа рыргыларазы ахарџьқәа шазоурыжьҭыз.Приморскитәи ашкол ашҭаҿ идыргылаз ас еиԥш иҟоу аспорттә ҭыԥқәа руак Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аԥсны даныҟаз даҭаан ибеит. Ишәгәалаҳаршәуеит, Сергеи Кириенко Гәдоуҭа араион Приморсктәи актәи ашкол дшаҭааз. Иара аклассқәа дрыҩналаны игәеиҭеит, Адыгеиа ацхыраарала ишьақәыргылаз аспорттә дәахьы днеит, арҵаҩцәеи ашколхәыҷқәеи драцәажәеит. Уи адагьы, ашкол ҳамҭас иеиҭеит акомпиутертә класс азы акомпиутер злаархәаша аршаҳаҭга.
https://sputnik-abkhazia.info/20250211/urystyla-asny-ashkolka-amas-azha-vtobus-yts-anaeit--1053714265.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/1c/1046604482_169:0:2898:2047_1920x0_80_0_0_3ee5c23d843f75374ba956ee1b916662.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Краснодартәи атәылаҿацә ацхыраарала Аԥсны аспорттә ҭыԥ ҿыцқәа 12 ргылахоит
Очамчыра, Гал, Тҟәарчал араионқәа рҿы аусурақәа ирылагахьеит.
АҞӘА, жәабран 14 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә ацхыраарала Аԥсны аспорттә ҭыԥ ҿыцқәа 12 ргылахоит
Аполитик Бадра Гәынба Ҟәбан анапхгарахь аҳәара ҟаиҵеит ареспублика ауааԥсыра адгылара рыҭаразы. Очамчыра, Гал, Тҟәарчал араионқәа рҿы аҟазауаа рыбригадақәа аусура иалагахьеит.
"Асеиԥш иҟоу аспорттә ҭыԥқәа рыҟаҵара иаанаго аинфраструктура аԥҵара мацара акәӡам, ари Аԥсны аҿар рцәеижьтәи рдоуҳатәи гәабзиара еизырҳаны, апатриотизми аграждантә ҭакԥхықәреи рылааӡаразы илагалоуп. Ҳара ари иаҵаабаауеит ҳауаажәлар ргәабзиареи рыбзазареи реиҿкаараҿы зыхәшьара уадаҩу алагала ", — иҳәеит Гәынба икоманда алахәыла Беслан Бигәаа.
Уаанӡа, Аԥсны аҵара аминистр ин.н. Инал Габлиа адырра ҟаиҵахьан Краснодартәи атәылаҿацә анаԥхгара ашколқәеи аҿар рыҩнқәеи рзы аспорттә ҭыԥ ҿыцқәа рыргыларазы ахарџьқәа шазоурыжьҭыз.
Приморскитәи ашкол ашҭаҿ идыргылаз ас еиԥш иҟоу аспорттә ҭыԥқәа руак Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аԥсны даныҟаз даҭаан ибеит.
Ишәгәалаҳаршәуеит, Сергеи Кириенко Гәдоуҭа араион Приморсктәи актәи ашкол дшаҭааз. Иара аклассқәа дрыҩналаны игәеиҭеит, Адыгеиа ацхыраарала ишьақәыргылаз аспорттә дәахьы днеит, арҵаҩцәеи ашколхәыҷқәеи драцәажәеит. Уи адагьы, ашкол ҳамҭас иеиҭеит акомпиутертә класс азы акомпиутер злаархәаша аршаҳаҭга.