АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Роберт Аршба ибжьы аиҭеит Аԥсны ахада иалхрақәа рҿы.
Атәыла ахадарахьы акандидат ибжьы аиҭеит Бабышьира иҟоу алхратә ҭыԥ аҿы.
Иахьа Аԥсны аҳәынҭқарра ахада заанаҵтәи иалхрақәа мҩаԥысуеит. Атәылаҿы иаартуп 152 алхырҭатә ҭыԥ, даҽа ҩба — Урыстәыла.
Алхрақәа ирылагеит ашьыжь асабша, жәабран 15 асааҭ 08:00 рзы, алхырҭатә ҭыԥқәа рышәқәа адыркуеит ахәылбаҽха асааҭ 20:00 рзы.
Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылоуп хәҩык акандидатцәа – Бадра Гәынба, Адгәыр Арӡынба, Роберт Аршба, Олег Барцыц, Адгәыр Хәырхәмал. Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟнытә 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.