АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Аԥсны ахадарахьы акандидат Адгәыр Арӡынба атәыла ахада иалхразы ибжьы иҭиит.
Иара алхрақәа ихы рылаирхәит Афон ҿыц иҟоу алхырҭатә ҭыԥ аҿы.
Иахьа Аԥсны аҳәынҭқарра ахада заанаҵтәи иалхрақәа мҩаԥысуеит. Атәылаҿы иаартуп 152 алхырҭатә ҭыԥ, даҽа ҩба — Урыстәыла. Алхрақәа ирылагеит ашьыжь асабша, жәабран 15 асааҭ 08:00 рзы, алхырҭатә ҭыԥқәа рышәқәа адыркуеит ахәылбаҽха асааҭ 20:00 рзы.
Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылоуп хәҩык акандидатцәа – Бадра Гәынба, Адгәыр Арӡынба, Роберт Аршба, Олег Барцыц, Адгәыр Хәырхәмал. Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟнытә 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.