АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Аԥсны Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба атәыла ахада иалхрақәа рҿы ибжьы иҭиит Аҟәатәи 14-тәи ашкол аҿы иҟоу ахәбатәи алхырҭатә ҭыԥхада аҩбатәи алхырҭатә ҭыԥ аҿы.
"Иахьа ареспублика зегьы азы, Аԥсны жәлар рзы даара акрызҵазкуа мшуп. Аԥсны ахада, атәыла аҿы ихадоу ауаҩы иалхра иамшуп. Зегьреиҳа ихадоуп зегь ҭынчны, иҭышәынтәаланы амҩаԥгара", – ҳәа азгәеиҭеит Жәлар Реизара аиҳабы.
Иара агәыӷра ааирԥшит ажәлар иалырхуа акандидат раԥхьаӡа иргыланы Аԥсны жәлар реидкылара илиршап ҳәа.
Ари алхратә ҭыԥ аҿы асиа иануп 2500-ҩык атәылауаа, абыржәтәи аамҭазы рыбжьы арҭахьеит 370-ҩык.
Аԥсны ахада заанаҵтәи иалхрақәа ирылагеит асабша, жәабран 15 ашьыжь. Асааҭ 8:00 рзы аусура иалагеит алхырҭатә ҭыԥқәа 152. Атәыла ахадарахьы иқәгылоуп хәҩык акандидатцәа – Бадра Гәынба, Адгәыр Арӡынба, Роберт Аршба, Олег Барцыц, Адгәыр Хәырхәмал. Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟнытә 50% даҽа бжьыки зауз акандидат.