Аԥсны

Аԥсны ахада иалхразы абжьыҭарақәа хыркәшоуп

Sputnik
АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иалхразы абжьыҭарақәа хыркәшоуп, атәыла алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы рышәқәа адыркит асааҭ 08:00 рзы.
Алхратә комиссиа хада абжьқәа рыԥхьаӡара иалагеит.
Асааҭ 18:00 рзы рыбжьы арҭахьан 55% алхыҩцәа — ус анакәха, алхрақәа шьақәгылеит.
Абжьыҭара заатәи алҵшәақәа ртәы Алхратә комиссиа хада ирыланаҳәоит жәабран 16 рзы.