АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Аԥсны Алхратә комиссиа хада асааҭ 12:00 рзы иҟанаҵаз адыррақәа рыла, ареспубликаҿы алхыҩцәа рааира 21% наӡахьеит, хыԥхьаӡарала иуҳәозар, 28 744-ҩык ауааԥсыра.
Ауаа рааишьала макьана аԥыжәара агоит Аҟәа араион — уа рыбжьы арҭахьеит 33%, Тҟәарчал араион акәзар — уа изҭихьоу 15% роуп.
Аԥсны аҳәынҭқарра ахада заанаҵтәи иалхрақәа ирылагеит шьыжьнаҵы асабша, жәабран 15 рзы. Алхырҭатә ҭыԥқәа аадыртит асааҭ 08:00 рзы, ихыркәшахоит асааҭ 20:00 рзы.
Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылоуп хәҩык акандидатцәа – Бадра Гәынба, Адгәыр Арӡынба, Роберт Аршба, Олег Барцыц, Адгәыр Хәырхәмал. Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟнытә 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.