Аԥсны

Аԥсны АКХ: Москва ақалақь аҿы абжьыҭаразы абиуллетенқәа рхыԥхьаӡара инацҵаны идәықәҵан

Sputnik
АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Москва ақалақь аҿы абжьыҭаразы абиуллетенқәа рхыԥхьаӡара инацҵаны идәықәҵан иҳәеит Аԥсны Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан абрифинг аҿы.
Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ аҳәара ҟаиҵеит быжьнызқь биуллетен рзынарышьҭырц, аха акомиссиа иҟанаҵаз аҳасабрақәа ишаадырԥшыз ала, алхырҭатә ҭыԥ 12 сааҭ рыҩнуҵҟа хнызқьҩык иреиҳамкәа атәылауаа рымаҵ аура ауп иалшо.
Убри инамаданы, Алхратә комиссиа хада иаӡбеит ԥшь-нызқь биуллетен Урыстәыла аҳҭнықалақь ахь ишьҭызарц ҳәа еиҭеиҳәеит Маршьан.
Асааҭ 8:00 инаркны 12:00 рҟынӡа Москва 450–ҩык рҟынӡа ауаа рыбжьы рҭиит.