АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Аԥсны ахадарахьы акандидат Адгәыр Хәырхәмал алхрақәа рзы ибжьы иҭиит.
Хәырхәмал ибжьы иҭиит Аҟәа ақалақьтә поликлиникаҟны иҟоу аҩбатәи алхратә ҭыԥ хадаҿы. Ари аҭыԥ хадаҿы асиа иануп 1917-ҩык ауааԥсыра, уажәтәи аамҭазы рыбжьы рҭихьеит 380-ҩык алхыҩцәа.
Иахьа Аԥсны аҳәынҭқарра ахада заанаҵтәи иалхрақәа мҩаԥысуеит. Атәылаҿы иаартуп 152 алхырҭатә ҭыԥ, даҽа ҩба — Урыстәыла. Алхрақәа ирылагеит ашьыжь асабша, жәабран 15 асааҭ 08:00 рзы, алхырҭатә ҭыԥқәа рышәқәа адыркуеит ахәылбаҽха асааҭ 20:00 рзы.
Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылоуп хәҩык акандидатцәа – Бадра Гәынба, Адгәыр Арӡынба, Роберт Аршба, Олег Барцыц, Адгәыр Хәырхәмал. Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟнытә 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.