АҞӘА, жәабран 16 - Sputnik. Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур ҟалоит хәажәкыра 1 азы ҳәа адырра ҟаиҵеит Алхратә комиссиа хада аиҳабы Дмитри Маршьан.
Ауаа рааира 69% артәеит, хыԥхьаӡарала иугозар — 99 нызқьҩык алхыҩцәа рыбжьы арҭеит.
Москвеи Черқьесски алхрақәа ҽаамҭанык еиԥшымкәа ауаа рацәаны рыбжьы арҭеит:
▫️Москва — 2900-ҩык инареиҳаны
▫️Черқьесск — 1900-ҩык инареиҳаны
Аԥсны алхрақәа мҩаԥысуан алхырҭатә ҭыԥқәа 512 рҟны, иара убас Москвеи Черқьесски.
Асааҭ 18:00 рызтәи АКХ адыррақәа рыла, ареспубликаҿы рыбжьы арҭахьан 55% алхыҩцәа, хыԥхьаӡарала иугозар, 79 019-ҩык ауааԥсыра. Уи ала алхрақәа шьақәгылеит ҳәа иԥхьаӡоуп. Алхрақәа ирылахәын 100-ҩык инарзынаԥшуа жәларбжьаратәи анаԥшцәа.