АҞӘА, жәабран 16 - Sputnik. Аҧсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур ҟалоит ҳәа адырра ҟаиҵеит АКХ ахантәаҩы Дмитри Маршьан.
Уи иалахәхоит Бадра Гәынбеи Адгәыр Арӡынбеи.
Заанаҵтәи алҵшәақәа АКХ жәабран 16 рзы ирыланаҳәоит.
Аԥсны ахадарахьы иқәгылан хәҩык акандидатцәа – Бадра Гәынба, Адгәыр Арӡынба, Роберт Аршба, Олег Барцыц, Адгәыр Хәырхәмал. Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟнытә 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.
Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, урҭ рахьтә аӡәгьы 50 процент абыжьқәа имоузар, АКХ аиҭалхрақәа рзы абжьыҭара амҩаԥгара азгәанаҭоит реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа рыбжьара. Аҩбатәи атур ҟалоит актәи атур инаркны ҩымчыбжьа ирхымгакәа.