Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур шыҟало рыларҳәеит АКХ аҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы президента Абхазии 2025
Выборы президента Абхазии 2025 - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2025
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада заанаҵтәи иалхрақәа мҩаԥысит жәабран 15 рзы, уи иалахәын хәҩык акандидатцәа.
АҞӘА, жәабран 16 - Sputnik. Аҧсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур ҟалоит ҳәа адырра ҟаиҵеит АКХ ахантәаҩы Дмитри Маршьан.
Уи иалахәхоит Бадра Гәынбеи Адгәыр Арӡынбеи.
Заанаҵтәи алҵшәақәа АКХ жәабран 16 рзы ирыланаҳәоит.
Выборы президента Абхазии 2025 - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2025
Аԥсны
АКХ: Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҿы 65% рыбжьы рҭиит
Аԥсны ахадарахьы иқәгылан хәҩык акандидатцәа – Бадра Гәынба, Адгәыр Арӡынба, Роберт Аршба, Олег Барцыц, Адгәыр Хәырхәмал. Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟнытә 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.
Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, урҭ рахьтә аӡәгьы 50 процент абыжьқәа имоузар, АКХ аиҭалхрақәа рзы абжьыҭара амҩаԥгара азгәанаҭоит реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа рыбжьара. Аҩбатәи атур ҟалоит актәи атур инаркны ҩымчыбжьа ирхымгакәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0