Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

АКХ: Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҿы 65% рыбжьы рҭиит

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы президента Абхазии 2025
Выборы президента Абхазии 2025 - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Асааҭ 19:30 рзы Аԥсны 65% алхыҩцәа рыбжьы рҭиихьан, хыԥхьаӡарала 95000-ҩык ҳәа иҳәеит Алхратә комиссиа хада аиҳабы Дмитри Маршьан.
"Ҳара ҳаиқәныҳәар ҳалшоит атәылаҟны алхрақәа мҩаԥысит. Москватәи аамҭала асааҭ 20:00 рзы алхратә ҭыԥқәа зегьы адаркит. Иҟоу адыррақәа рыла асааҭ 19:30 рзы атәыла зегьы аҿы 95-нызқьҩык ауааԥсыра, мамзаргьы алхыҩцәа 65% рыбжьы рҭиит", - ҳәа иҳәеит Маршьан жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы.
Араионқәа рҟнытә адыррақәа:
Аҟәа — 44921-ҩык (59%),
Гагра араион — 27688-ҩык (62,5%),
Гәдоуҭа араион — 24842-ҩык (70%),
Аҟәа араион — 5816-ҩык (70%),
Гәылрыԥшь араион — 13095-ҩык (65%),
Очамчыра араион — 16325-ҩык (66,5%),
Тҟәарчал араион — 5846-ҩык (63%),
Гал араион — 1991-ҩык (70%).
Зынӡа Аԥсны аҵакыраҿы рыбжьы арҭеит 95000-ҩык алхыҩцәа. Москва рыбжьы арҭеит 2680-ҩык, Черқьесск — 1902-ҩык.
Ажәабжьқәа зегьы
0