АҞӘА, жәабран 16 - Sputnik. Риҵатәи апарк ахь амҩа ҽнак ҳәа иадыркыр алшоит асоурақәа ирыхҟьаны ҳәа Sputnik адырра аиҭеит амилаҭтә парк абнахылаԥшҩы хада Ҭенгиз Џьергьениа.
"Иахьа ашьыжь асоура иалагеит. Шьыбжьонынӡа 15 сантиметр шьҭалахьеит, Ауадҳара — 35-40 сантиметр. Атехника аӡиаҟынӡа амҩа арыцқьахьеит", — иҳәеит иара.
Аҳауагәаҭаҩцәа ишазԥхьагәарҭо ала, ашьхареи ашьхара иахьаԥнуи асоура ӷәӷәақәа ҟалоит жәабран 17-18 рзы. Риҵа иахьаҵанакуа асы аҿыгҳара метрак еиҳахар ҟалоит. Уи адагьы, аҵлақәа, ахаҳә-мҿыхә каҳар алшоит.
Убри инамаданы, апарк ахь амҩа ҽнак ҳәа иадыркыр алшоит, избан акәзар атехника амҩақәа ррыцқьара иахьымӡар ҟалоит ҳәа инациҵеит Џьергьениа.