Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Риҵатәи апарк ахь амҩа ҽнак ҳәа иадыркыр алшоит асоурақәа ирыхҟьаны

© Foto / Рицинский национальный реликтовый паркСнег выпал в Рицинском нацпарке
Снег выпал в Рицинском нацпарке - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2025
Анапаҵаҩра
Аҳауагәаҭаҩцәа излаарыцҳауа ала, жәабран 17-18 рзы Аԥсны ашьхақәеи ашьхарԥи асы ӷәӷәаны илеир алшоит.
АҞӘА, жәабран 16 - Sputnik. Риҵатәи апарк ахь амҩа ҽнак ҳәа иадыркыр алшоит асоурақәа ирыхҟьаны ҳәа Sputnik адырра аиҭеит амилаҭтә парк абнахылаԥшҩы хада Ҭенгиз Џьергьениа.
"Иахьа ашьыжь асоура иалагеит. Шьыбжьонынӡа 15 сантиметр шьҭалахьеит, Ауадҳара — 35-40 сантиметр. Атехника аӡиаҟынӡа амҩа арыцқьахьеит", — иҳәеит иара.
Аҳауагәаҭаҩцәа ишазԥхьагәарҭо ала, ашьхареи ашьхара иахьаԥнуи асоура ӷәӷәақәа ҟалоит жәабран 17-18 рзы. Риҵа иахьаҵанакуа асы аҿыгҳара метрак еиҳахар ҟалоит. Уи адагьы, аҵлақәа, ахаҳә-мҿыхә каҳар алшоит.
Убри инамаданы, апарк ахь амҩа ҽнак ҳәа иадыркыр алшоит, избан акәзар атехника амҩақәа ррыцқьара иахьымӡар ҟалоит ҳәа инациҵеит Џьергьениа.
Ажәабжьқәа зегьы
0