Иналукааша аԥсуа сахьаҭыхҩы иԥсҭазаареи ирҿиареи ртәы шәаԥхьа Sputnik аматериал аҿы.
Sputnik
Аҟәатәи Леуарса Быҭәба
Аԥсны инхо аӡәырҩы Леуарса Быҭәба дыргәалашәоит Аҟәа иазку асахьа лашақәа рыла, иара ирҿиамҭақәа жәпакы иқалақь гәакьа иазикит. Ҵабыргыҵәҟьаны, асахьаҭыхҩы иԥсҭазаареи ирҿиареи аҟны Аԥсны аҳҭнықалақь иалкаау аҭыԥ ҷыда ааннакылон. Иара ихаҭа Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан дышизгьы. Жәеиза шықәса анихыҵуаз, заԥхьаҟа исахьаҭыхыҩхараны иҟаз Аҟәаҟа нхара дааит.
Асахьаҭыхҩы иҩыза гәакьа Баҭал Кобахьиа излеиҳәо ала, аҿыханҵа ихнахыз Леуарса асахьаҭыхра аҵаразы имаз иӡышра ақыҭа аҟынтә ақалақь ахь даанагеит, дышқәыԥшӡазгьы ихьыԥшым аԥсҭазаарамҩа данылеит.
"Ухаҿы аагара уадаҩуп, аҿыханҵа ихнахыз ақыҭа ҷкәын асахьаҭыхра аҵаразы имаз иӡышра ақалақьахь иаанагара. Сара исгәалашәоит аҟазараҿы раԥхьатәи ишьаҿақәа, иареи сареи ҳаибадырит академиа данҭалацәҟьаз. Леуарса раԥхьатәи иԥсшьарамшқәа рзы аҩныҟа данаа, иҷыдаз иԥсҭазаара аҟнытәи уаҩык иаҳасабала, аинтерес зҵоу акы далагар иҭаххеит. Аԥсны аҭоурыхи ажәытә ҭынхақәеи дрызҿлымҳан. Ҳекспедициақәа рҿы дсахьаҭыхҩын, аха ишәыра иҟәынҵаны ажрақәа ҳацымҩаԥигон", — иҳәеит Баҭал Кобахьиа.
Раԥхьа аҵара иҵон еицырдыруа 10-тәи ашьхарыуаа рышкол аҟны, анаҩс Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиуарҭаҿы. Уи ашьҭахь дҭалеит Қарҭтәи асахьаҭыхратә академиа. Леуарса Быҭәба академиа даналга ашьҭахь Аҟәаҟа дхынҳәит, аусгьы иуан иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа.
"70-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭеи 80-тәи ашықәсқәа ралагамҭеи рзы Аҟәа афестиваль-қалақьны, ҵыхәаԥҵәара зқәым аныҳәатә қалақь еиԥш избон... Ақалақь ахь унцәырҵыр, нҵәара зқәым аныҳәатә гәалаҟазаарахь унанагон", — ҳәа игәалаиршәон асахьаҭыхҩы ицәажәарақәа руак аҿы.
Быҭәба иҭыхымҭақәа ԥшшәыла еилыхха иҟан, иара амозаикатә стильла асахьа ҭихуан, уи иахылҿиаауан ахаҿсахьақәа.
"Иара иҿыханҵақәа адунеи аԥшӡара аанарԥшуеит, исахьақәа ԥшшәы рацәала еиларсуп. Абри амозаика аҟынтәи амаҭәарқәа рдунеи иагәылсуеит – Аҟәатәи аҩнқәа, абаашқәа, акипарисқәа, арлашагақәа, агәашьақәа. Апеизаж ааирԥшуеит ишыҟацәҟоу акәымкәан аҟаза иҩнуҵҟатәи иблала ишидикылаз. Ари аибашьрақәеи ашәареи ахьыҟам аутопиатә дунеи ԥшӡоуп. Асахьаҭыхҩы ус еиԥш иҟоу ибарц иҭахын иԥсадгьыл Аԥсны", — абас иусумҭақәа дрыхцәажәеит аҟазараҭҵааҩы Ксениа Богемскаиа.
Аибашьреи аҭынчреи Леуарса Быҭәба изы
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аламҭалазы, Леуарса Быҭәба еиликааит ачымазара бааԥс шимаз. Аха уи дааннамкылаӡакәан иԥсадгьыл ахьчаразы дгылеит.
Акыр шықәса инеиԥынкыланы Леуарса Быҭәба ичымазара иахылҿиааз агәаҟрақәа чҳаны ихигеит ҳәа уаанӡа Sputnik иазеиҭеиҳәахьан асахьаҭыхҩы Алексеи Шервашиӡе-Чачба.
"Леуарса гәаҭала дыӷәӷәан, длашан. Хаԥыц еихарӷәӷәала ихьаақәа чҳаны, ичымазара инымырԥшӡакәан иус наигӡон. Иара илан аҿыханҵаҿ иҷыдоу хымҩаԥгашьак. Асахьаҭыхыҩцәа рдунеи аҟны ахә ҳаракны иршьоит аҿыханҵҩ иусумҭала данырдыруа. Леуарса иусумҭақәа рҟны апшшәқәа бзианы иаарԥшуп", — ҳәа азгәеиҭеит Шервашиӡе-Чачба.
Аибашьра ашьҭахь Леуарса Аҟәаҟа дхынҳәит, аусгьы рацәаны иуан. Иҩыза гәакьа Ахра Бжьаниа иажәақәа рыла, асахьаҭыхҩы иааиԥмырҟьаӡакәа арҿиаратә ԥшаахқәа дрышьҭан. Леуарса иҭыхымҭақәа зегьы даара иуадаҩыз арҿиаратә мҩа иалҵшәоуп.
"Аҟәа асахьаҭыхыҩцәеи, ашәҟәыҩҩцәеи, акультуратә усзуҩцәеи рыда иаанхазҭгьы, Леуарса имацара илшон ақалақь аблахкра аарԥшра", — ҳәа азгәеиҭеит Ахра Бжьаниа Sputnik иаиҭахьаз аинтервиуқәа руак аҟны.
Леуарса Быҭәба Аҟәа ақалақь хаҭалатәи ицәыргақәҵақәа ԥшьба мҩаԥигахьан. Иара убас, иусумҭақәа цәырыргахьеит Америка, Франциа, Германиа, Италиа, Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Иапониа, Швеицариа.
2004 шықәсазы Аԥсны актәи ахада Владислав Арӡынба иусԥҟала Леуарса Быҭәба ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара, ари адизаин авторс иамаз иара ихаҭа иакәын.
Еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхҩы иԥсҭазаара далҵит цәыббра 17 2007 шықәсазы.
Леуарса Быҭәба иусумҭақәа рӷьырак адунеи ахьынӡанаӡааӡо ахатәы коллекциақәа рҿы иҵәахуп. Иара убас иусумҭақәа ыҟан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә асахьаҭыхратә галереиаҿгьы. Аха ажьырныҳәа 21 2024 шықәсазы иҟалаз амцакра иахҟьаны урҭ зегьы былит.