Ирҳәоит ауаҩԥсы адунеи данықәло, амаалықьцәа, ашацәа ааины алаӷәра инықәтәоит, ҿыц ииз инасыԥ ршарацаз. Анасыԥ зшо рҳәоу еиқәымшәозаап. Ашацәа рыбжаҩык ииз аҵеи бзиарас адунеи аҿы иҟоу зегьы ирҭоит, егьырҭ иаанхаз – адунеи аҿы цәгьа-мыцәгьарас, гәаҟҵәаҟрас иҟоу зегьы аҵеи инасыԥ инадырҳәалозаап. (Ахыҵхырҭа: Борис Ҭыжәба ироман "Аԥсырҭ").
Ауаа моу, анасыԥшаҩцәагьы зны-зынла рҳәатәы еиқәымшәозаап, нас адунеи иану ауааԥсыра ҳцәаныррақәа ҳиаины, еимакык ҳазцәырҵуазар, гәыбӷанс иҳауҭозеи! Зегь ахәша ахьшьны иауҟалахуам. Зназы аимак (даҽакала "аҭыӡшәа", "аҟыҟ-ҿыҟ", "аҟыба-ӡыба", "ацҭәа", "аҳәатәеиқәымшәара") нухаԥаны, аԥыжәара анаго ҟалалоит. Аха амцхә уҽаумҭакәа, ухаҿы иааугароуп - аҳәатәеиқәшәара нырхагазар, иаанымҵәаӡо аҭыӡшәа ушыҵанарбго.
Аҭыӡшәа бзиа убахьоума, аха аҭаацәа рыҩнуҵҟа аилибамкаара адац-ԥашә ӷәӷәа анашьҭ, еицәоу ыҟам. Адунеи иақәлоу аҟыба-ӡыба аҩны аҩналара мариоуп, адәылгара уадаҩуп, уарӷьацом. Ҟәыӷарала иҭәу аԥсуа жәаԥҟақәа иҳарҳәоит: "Аимак ахьыҟам, аусгьы ыҟам", "Акы ззеилоу, ак еимаркуеит" - еиуацәоу, еибаҭаху, уск еицаҿу џьара акы ааимаркыргьы еинышәароуп, акахьы еизааибагароуп ҳәа иҳалабжьоит.
Аҭаацәа рҳәатәы еиқәшәо ианыҟала, иззымиааиуа, ирылымшо акгьы ыҟаӡам. Убас, аԥҳәызба аҩнра ҳәа лшьаҿа ахьеихылго аҭаацәа рыбжьара наунагӡа аилибакаара ҟаларазы абри аҩыза аритуал мҩаԥыргон: "Ажәытәан, аҭаца данааргалак, амҳарахьы днаргон. Амҳара ашә аҿы анхәа асаан ашырӡ аныԥсаланы, акәтаӷь анҵаны дылԥылон. Аҭаца акәтаӷь аанылхуан, лнапы ианҵаны, амҳара дныҩналон, ашьшьыҳәа инышьҭалҵон. Ирбылгьо амҳара агәы иакәлыршон, илыцәԥымҽыр акәын. Уи иаанагоз - аҭаца аҩны иҩналгалеит аҭынчра, аҭыӡшәадара, аҳәатәеиқәшәара, аҟыҟҿыҟдара, агәыбылра, апатуеиқәҵара уҳәа, ауаҩы дынзырхо ҳәа иҟоу зегьы. (Ахыҵхырҭа: Џьума Аҳәба "Иҩымҭақәа реизга". 6-тәи атом).
Аҭаацәа рыбжьара аимак-аиҿак аҟаҵара, лымкаала дарманшәалом шәарыцара ицаз. Убри аҟнытә иара иагьа дынхаргьы, даанӡа иҭаацәа ажәа џьбара рҳәомызт, хаа-хаа еицәажәон. Ус ҟарымҵар шәарыцара ицаз ирԥырхагахоит рҳәон.
Азгәаҭарақәа рахьтә
Аԥсуа жәлар разгәаҭарақәеи аԥхыӡқәеи рахьтә иҟоуп еимакык шыҟало узырдыруа. Иаагозар:
Агәыр аҭӡы иалауҵар ҵасым, аҭаацәа аҭыӡшәа роуеит рҳәоит.
Амца аҟынтәи амцабз ыҵыҟьҟьозар, аҭаацәа рҿы ҭыӡшәак ҟалоит.
Амаркатыл аишәа (астол) иқәуҵар, аҭаацәа аҭыӡшәа роуеит рҳәоит.
Аԥхыӡқәа рдунеи
Ԥхыӡла аӡлагара иалаго ашыла каԥсауа иубар – аџьынџь иахҟьаны еимакык ҟалоит.
Аимаақәа ԥхыӡла армаӷьырма иушьауҵазар, аҳәатәеиқәымшәара иадыргоуп.
Аӡлагара иахаз аԥш нҵәаны, еибафо ԥхыӡла иубар – аҳәоу еиқәымшәара, агәамҵра иамааноуп.
Ала уафарц иузыҵҟьауа иубар - жәытә ҭыӡшәак зцу уск уақәшәоит.
Асапын удыркуа уеиԥхыӡыр – аҭыӡшәа, агәырҩа иамааноуп.
Абылтәы аиԥхыӡра – аҭаацәа реиқәгәамҵра иазҳәоуп.
/Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара азун Витали Ҳараниа ишәҟәы "Ашацәа рылԥха"/.