Аԥсны

Аҟәа Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаладыршәеит жәабран 23 рзы

Урыстәылеи Асовет Еидгыла ԥыхьатәи атәылақәеи есышықәса иазгәарҭоит Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш жәабран 23 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Аҟәа Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаладыршәеит.
Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара иалахәын Аԥсны Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра аиҳабы Владислав Куликов, иара убас урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа, Аҟәа иҟоу Москва аҩны ахаҭарнакцәа, Урыстәыла аџьынџьуаа реиҿкаарақәа ркоординациатә еидгыла, Аиааира 80 шықәса аҵра иазку ахатәгәаԥхарауаа разыҟаҵаразы Жәларбжьаратәи ацентр, ауаажәларра.
Ареспубликаҿы иҟоу Урыстәыла аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага Мақсим Литвинов иазгәеиҭеит, иахьа еизаз ишыргәаладыршәо Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡеи, Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьреи, Иҷыдоу арратә аоперациа аибашьцәеи. Урҭ дыруаӡәкуп иҭахаз Аԥсны иалҵыз Феликс Гәазаа.
"Хамеигӡарыла зыԥсадгьыл аҿаԥхьа зуалԥшьа назыгӡо зегьы ирзеиӷьасшьоит еснагь агәабзиара рыманы рыҩныҟақәа рахь ихынҳәырц. Аԥсни Урыстәылеи аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьасшьоит, аӷа ахаан иԥшьоу рыдгьылқәа ишьапы ықәимыргылааит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.