https://sputnik-abkhazia.info/20250223/aa-asadgyl-akhchatsa-rgaladyrsheit-zhabran-23-rzy-1053883464.html
Аҟәа Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаладыршәеит жәабран 23 рзы
Аҟәа Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаладыршәеит жәабран 23 рзы
Sputnik Аҧсны
Урыстәылеи Асовет Еидгыла ԥыхьатәи атәылақәеи есышықәса иазгәарҭоит Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш жәабран 23 рзы. 23.02.2025, Sputnik Аҧсны
2025-02-23T16:32+0300
2025-02-23T16:32+0300
2025-02-23T16:40+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
аҟәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102100/88/1021008892_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_2230ee87d2b60e85ab65449400bd3c12.jpg
АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Аҟәа Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаладыршәеит. Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара иалахәын Аԥсны Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра аиҳабы Владислав Куликов, иара убас урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа, Аҟәа иҟоу Москва аҩны ахаҭарнакцәа, Урыстәыла аџьынџьуаа реиҿкаарақәа ркоординациатә еидгыла, Аиааира 80 шықәса аҵра иазку ахатәгәаԥхарауаа разыҟаҵаразы Жәларбжьаратәи ацентр, ауаажәларра. Ареспубликаҿы иҟоу Урыстәыла аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага Мақсим Литвинов иазгәеиҭеит, иахьа еизаз ишыргәаладыршәо Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡеи, Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьреи, Иҷыдоу арратә аоперациа аибашьцәеи. Урҭ дыруаӡәкуп иҭахаз Аԥсны иалҵыз Феликс Гәазаа. "Хамеигӡарыла зыԥсадгьыл аҿаԥхьа зуалԥшьа назыгӡо зегьы ирзеиӷьасшьоит еснагь агәабзиара рыманы рыҩныҟақәа рахь ихынҳәырц. Аԥсни Урыстәылеи аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьасшьоит, аӷа ахаан иԥшьоу рыдгьылқәа ишьапы ықәимыргылааит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
аҟәа
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102100/88/1021008892_114:0:1253:854_1920x0_80_0_0_f4d6854fb4bb10e793018e35b8c5a26a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, аҟәа
Аҟәа Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаладыршәеит жәабран 23 рзы
16:32 23.02.2025 (ирҿыцуп: 16:40 23.02.2025) Урыстәылеи Асовет Еидгыла ԥыхьатәи атәылақәеи есышықәса иазгәарҭоит Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш жәабран 23 рзы.
АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Аҟәа Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаладыршәеит.
Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара иалахәын Аԥсны Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра аиҳабы Владислав Куликов, иара убас урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа, Аҟәа иҟоу Москва аҩны ахаҭарнакцәа, Урыстәыла аџьынџьуаа реиҿкаарақәа ркоординациатә еидгыла, Аиааира 80 шықәса аҵра иазку ахатәгәаԥхарауаа разыҟаҵаразы Жәларбжьаратәи ацентр, ауаажәларра.
Ареспубликаҿы иҟоу Урыстәыла аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага Мақсим Литвинов иазгәеиҭеит, иахьа еизаз ишыргәаладыршәо Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡеи, Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьреи, Иҷыдоу арратә аоперациа аибашьцәеи. Урҭ дыруаӡәкуп иҭахаз Аԥсны иалҵыз Феликс Гәазаа.
"Хамеигӡарыла зыԥсадгьыл аҿаԥхьа зуалԥшьа назыгӡо зегьы ирзеиӷьасшьоит еснагь агәабзиара рыманы рыҩныҟақәа рахь ихынҳәырц. Аԥсни Урыстәылеи аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьасшьоит, аӷа ахаан иԥшьоу рыдгьылқәа ишьапы ықәимыргылааит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.