Аԥсны

Аԥснытәи аҳақьымцәа Урыстәылатәи рколлегацәа рыцхыраарала рзанааҭтә дыррақәа еиздырҳауеит

Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Мурашко иажәақәа рыла, Ҟәбантәи амедицинатә университет ишиашоу Аԥснытәи Ареспубликатә хәшәтәырҭа амбулатортә ҟәшаҿы аус ауеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Аԥснытәи аҳақьымцәа Урыстәылатәи рколлегацәа рыцхыраарала рзанааҭтә дыррақәа еиздырҳауеит иҳәеит Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко.
Иара иахьа Бадра Гәынба дицны Аҟәатәи Ареспубликатә хәшәтәырҭа даҭааит.
"Ҳара адистанциатә ҵараҵаразы алшарақәа ааҳартит, уи иабзоураны аҟаза ԥхьагылаҩцәа рлекциақәа рабадырра алыршахоит. Уи Аԥсны аҳақьымцәа зегь рзы иаартуп, акыр шықәса ҵуеит ари алшара рхы иадырхәоижьҭеи. Иҩбахаз, иахьа Ҟәбантәи амедицинатә университет ишиашоу Ареспубликатә хәшәтәырҭа амбулатортә ҟәшаҿы аус руеит. Ари акоммуникациа ачымазцәа еицырзеиԥшу агәаҭара мацара акәымкәан иагьырҵаратә процессуп. Уаҟа иҟоуп иреиҳау адыррақәа змоу аневрологцәа, акардиологцәа, апедиатрцәа. Урҭ аҳақьымцәа рыцны аҵареи аилацәажәарақәеи мҩаԥысуеит. Убри аҟнытә, ари иазԥхьагәаҭоу усуп, еиҭашьақәыргылахоит", — иҳәеит аминистр.
Аԥсны
Михаил Мурашко даҭааит Ареспубликатә хәшәтәырҭа ателемедицинатә центр