https://sputnik-abkhazia.info/20250223/mikhail-murashko-daaait-arespublikat-khshtyra-atelemeditsinat-tsentr--1053879319.html
Михаил Мурашко даҭааит Ареспубликатә хәшәтәырҭа ателемедицинатә центр
Михаил Мурашко даҭааит Ареспубликатә хәшәтәырҭа ателемедицинатә центр
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Жәабран 20 инаркны Аԥсны Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҿы ателемедицинатә центр аусура иалагоит, уи абзоурала аҭыԥантәи аҳақьымцәа... 23.02.2025, Sputnik Аҧсны
2025-02-23T15:10+0300
2025-02-23T15:10+0300
2025-02-23T16:33+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
агәабзиара
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/17/1053877185_0:67:1280:787_1920x0_80_0_0_45400fb79f94df1fee6a53152556ef87.jpg
АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Жәабран 20 инаркны Аԥсны Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҿы ателемедицинатә центр аусура иалагоит, уи абзоурала аҭыԥантәи аҳақьымцәа Урыстәыла иԥхьагылоу амедицинатә усбарҭақәа рҟынтәи рколлегацәа абжьгарақәа рыҭара рылшоит. Иахьа ахәшәтәырҭа даҭааит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко. Уи иарҳәеит аҭакԥхықәра зду хҩык аспециалистцәа шазыҟаҵоу ателеконференциақәа рымҩаԥгаразы. Урыстәылатәи аминистр далархәны Москватәи Ахәыҷқәа ргәабзиарахьчаразы Афедералтә центри Ахәыҷқәа ргәабзиаразы амилаҭтә медицинатә центри рыбжьара авидео еимадара шьақәыргылан. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны жәабран 20-21 рзы урыстәылатәи аспециалистцәа рыла аа-клиникатә ҭагылазаашьа хьанҭақәа рзы 8-нтә авидеоконференциақәа мҩаԥган. Амедицинатә ҳасабырбақәа 11 роуит. Иҵегь ԥшьҩык ачымазцәа рзы аилацәажәарақәа мҩаԥысуеит, урҭ рҟны иҟоуп зынӡа зцәазтәым ачымазаҩ қәыԥш лзы онлаинтәи аультрабжьытә сканер. Ахәыҷқәа рзы еиҿкаан ԥшь-видеоконференциак. Ааигәа Москва Бадры Гәынбеи Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои реиԥылараан Аԥсны ауааԥсыра рзы ателемедицинатә абжьгарақәа рымҩаԥгаразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Михаил Мурашко иазгәеиҭеит, ари акыр шаҵанакуа ачымазцәа ргәабзиара ахьчаразы аҩтәылак рҳақьымцәа реимадара аҿиараҿы. Иара убас игәалаиршәеит, аԥхын урыстәылатәи амедицинатә еиҿкаарақәа рспециалистцәа Аԥсны рхы шаладырхәуа. Урҭ Аԥсныҟа иаарышьҭит, амедицинатә цхыраарагьы ҟарҵеит. Аԥснытәи ахәшәтәырҭақәа рзы русуратә аамҭеихша
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/17/1053877185_72:0:1209:853_1920x0_80_0_0_8d4b49b25ae946df85a2ae5fd811acf9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, агәабзиара
ажәабжьқәа, аԥсны, агәабзиара
АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Жәабран 20 инаркны Аԥсны Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҿы ателемедицинатә центр аусура иалагоит, уи абзоурала аҭыԥантәи аҳақьымцәа Урыстәыла иԥхьагылоу амедицинатә усбарҭақәа рҟынтәи рколлегацәа абжьгарақәа рыҭара рылшоит.
Иахьа ахәшәтәырҭа даҭааит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко. Уи иарҳәеит аҭакԥхықәра зду хҩык аспециалистцәа шазыҟаҵоу ателеконференциақәа рымҩаԥгаразы. Урыстәылатәи аминистр далархәны Москватәи Ахәыҷқәа ргәабзиарахьчаразы Афедералтә центри Ахәыҷқәа ргәабзиаразы амилаҭтә медицинатә центри рыбжьара авидео еимадара шьақәыргылан.
Аамҭа кьаҿк иалагӡаны жәабран 20-21 рзы урыстәылатәи аспециалистцәа рыла аа-клиникатә ҭагылазаашьа хьанҭақәа рзы 8-нтә авидеоконференциақәа мҩаԥган. Амедицинатә ҳасабырбақәа 11 роуит. Иҵегь ԥшьҩык ачымазцәа рзы аилацәажәарақәа мҩаԥысуеит, урҭ рҟны иҟоуп зынӡа зцәазтәым ачымазаҩ қәыԥш лзы онлаинтәи аультрабжьытә сканер. Ахәыҷқәа рзы еиҿкаан ԥшь-видеоконференциак.
Ааигәа Москва Бадры Гәынбеи Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои реиԥылараан Аԥсны ауааԥсыра рзы ателемедицинатә абжьгарақәа рымҩаԥгаразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
Михаил Мурашко иазгәеиҭеит, ари акыр шаҵанакуа ачымазцәа ргәабзиара ахьчаразы аҩтәылак рҳақьымцәа реимадара аҿиараҿы.
"Ари аҩыза аусеицура апандемиа аан иалагеит, урыстәылатәи амедицинатә еиҿкаарақәа рҟынтәи аспециалистцәа акоронавирус инфекциа ҿыц змоу ачымазцәа рыцхыраара иалагеит рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыланы. Усҟан авакцинагьы ахәшәқәагьы ҳамамызт. Аҳақьымцәа фырхаҵарыла имҩаԥыргоз рус абзоурала ауаа рыԥсҭазаара аиқәырхара алыршахеит", — ҳәа азгәеиҭеит Мурашко.
Иара убас игәалаиршәеит, аԥхын урыстәылатәи амедицинатә еиҿкаарақәа рспециалистцәа Аԥсны рхы шаладырхәуа. Урҭ Аԥсныҟа иаарышьҭит, амедицинатә цхыраарагьы ҟарҵеит. Аԥснытәи ахәшәтәырҭақәа рзы русуратә аамҭеихша