Шәаԥхьа, ишьақәшәаргыл ари амчыбжьазтәи шәкультуратә ԥсшьараамҭа.
Sputnik
"Аиааира адәыӷба"
Жәабран 24-25 рзы асааҭ 10:00 инаркны асааҭ 18:00 рҟынӡа Аҟәатәи аихамҩатә вокзал аҿы "Аиааира адәыӷба" аус аулоит. Иара Аҟәаҟа иааит жәабран 23 рзы.
Жәабран 26 рзы асааҭ 10:00 инаркны асааҭ 18:00 рҟынӡа адәыӷба гылазаауеит Гәдоуҭатәи аихамҩатә вокзал аҟны.
Леуарса Быҭәба исахьақәа рцәыргақәҵа
Аԥсны Абанк амузеи аҿы жәабран 28 рҟынӡа аус ауеит ацәыргақәҵа "Леуарса Быҭәба. Аҟаза игәалашәара".
Ацәыргақәҵа асахьаҭыхҩы, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьаз Леуарса Быҭәба 65 шықәса ихыҵра иазкуп. Уахь инагоуп ахатәы коллекциақәа рҟынтәи 20 усумҭа.
"Ҩ-ԥшаҳәак"
Жәабран 24 инаркны хәажәкыра 30 рҟынӡа Аԥсуа драматә театр афоие аҿы иаартызаауеит Севастополь иҟоу Урыстәылатәи аҟазаратә галереиа ацәыргақәҵа "Ҩ-ԥшаҳәак". Уаҟа иҟоуп Аԥсни Ҟрыми рсахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа русумҭақәа.
Аԥсуа драматә театр
Жәабран 26, 27 рзы – Карло Голдони икомедиа шьаҭас измоу аспектакль "Мирандолина" аԥхьарбара. Арежиссиор Есма Кәыҵниаԥҳа.
Аԥсуа ҿар ртеатр
Жәабран 30 рзы Гәдоуҭатәи акультура Аҩнаҿы асааҭ 15:00 рзы – аспектакль "Ҳаԥсуаауп, ҳаԥсуаа".
РУСДРАМ
Жәабран 25 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Аԥҳәыс бырг лҭаара".
Жәабран 27 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Евгени Онегин".
Жәабран 28 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Аҵыҵындра".
Хәажәкыра 2 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Абырг Хабыгә игәыжь ажәабжь".
Аҳәынҭфилармониа
Жәабран 27 асааҭ 18:00 рзы – Иван Кортуа ихьӡ зху Жәлар рҟазара Ареспубликатә центр еиҿнакаауеит XIV аԥсуа жәлар рмузыкатә рҳәагақәа роркестрқәа рфестиваль "Аԥхьарца".