Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Еицырдыруа ахьыӡқәа: Габлиа асахьаҭыхҩы Леуарса Быҭәба изкны

Еицырдыруа ахьыӡқәа: Габлиа асахьаҭыхҩы Леуарса Быҭәба изкны
Анапаҵаҩра
Жәабран 21 1960 шықәсазы диит иналукааша аԥсуа сахьаҭыхҩы Леуарса Быҭәба. Аҟаза дыргәалашәоит, бзиа иибоз ԥшшәы рацәала еиларсу Аҟәа иазку исахьа лашақәа рыла. Иҭыхымҭақәа ԥшшәыла еилыхха иҟан, иара амозаикатә стильла иҭихуан, уи иахылҿиаауан ахаҿсахьақәа. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аламҭалазы, Леуарса Быҭәба еиликааит ачымазара бааԥс шимаз, аха уи дааннамкылаӡакәан иԥсадгьыл ахьчаразы дгылеит.
Асахьаҭыхҩы, аҿыханҵаҩ-амонументалԥҵаҩы Леуарса Быҭәба диижьҭеи 65 шықәса аҵра инамаданы Аҟәа еиҿкаан иусумҭақәа рцәыргақәҵа. Уи еиднакылоит ахатә коллекциақәа рҟны иҟоу 21 усумҭа. Аԥсуа ҿыханҵатә ҟазараҟны илагала, Леуарса Быҭәба дызнысыз амҩа, иҟазшьа аҷыдарақәа дырзааҭгылеит аҵара ицызҵоз, уи иааигәаны дыздыруаз асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа.
"Леуарса ихгьы-иԥсгьы аҟазара иазкын, уи азы дшан. Здунеиқәыԥшылара ҭбааз, иҵарыз, адунеи аҿы имҩаԥысуаз хра злоу аусқәа зеиҩзмыжьуаз, иҭызҵаауаз уаҩын. Асахьҭахыраҿгьы убас дыҟан- дызҿыз аус инҭырҳәцааны, ҩныҵҟала иҭҵааны, нас ахәаԥшҩы иҟынӡа инеигон. Уи аӡәы игәы иаахәоит ҳәа акәымкәан, иара иԥсҭазааран. Даара иԥшӡаз, еиҿкааз, адунеи ақәыԥшылара пату ақәызҵоз, цәгьак аӡәы изыҟазымҵоз, уаҩрала иҭәыз, аинтеллегент ҳәа аӡәыр дыҟазар, Леуарса ихаҭәааны иааирԥшуан аԥсуа интеллегент дзакәу", - иҳәеит Габлиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Леуарса Быҭәба Аҟәа ақалақь хаҭалатәи ицәыргақәҵақәа ԥшьба мҩаԥигахьан. Иара убас, иусумҭақәа цәырыргахьеит Америка, Франциа, Германиа, Италиа, Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Иапониа, Швеицариа.
2004 шықәсазы Аԥсны актәи ахада Владислав Арӡынба иусԥҟала Леуарса Быҭәба ианашьан "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара, ари адизаин авторс иамаз иара ихаҭа иакәын.
Еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхҩы иԥсҭазаара далҵит цәыббра 17 2007 шықәсазы.
Леуарса Быҭәба иусумҭақәа рӷьырак адунеи ахьынӡанаӡааӡо ахатәы коллекциақәа рҿы иҵәахуп. Иара убас иусумҭақәа ыҟан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә асахьаҭыхратә галереиаҿгьы, аха ажьырныҳәа 21 2024 шықәсазы иҟалаз амцакра иахҟьаны урҭ зегьы блит.
Ажәабжьқәа зегьы
0