Аԥсны

Габлиеи Кравцови аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарҩит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 24 - Sputnik. Аԥсны аҵара аминистр ин.н Инал Габлиеи Урыстәыла Аҵара аминистр Сергеи Кравцови аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарҩит, иара убас 2025 шықәсазы еицырзеиԥшу аусмҩаԥгатәқәа шьақәдырӷәӷәеит.
Аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аусеицура аҵарадырраҿы ихадоу ахырхарҭақәа аҵанакуеит – арҵаҩцәа разыҟаҵара, ашколқәа ҳаамҭазтәи атехникала реиқәыршәара, арҵаҩцәа рыбжьара аԥышәа аимдара, аҵаратә ҭагылазаашьа аҿиара.
"Ҳара Аԥснытәи ҳколлегацәеи ҳареи еснагь аиҿцәажәара мҩаԥаҳгоит, аҵарадырра ахаҭабзиара аиӷьтәразы аус еицаҳуеит. Ааигәа Аԥсны ашколқәа рнаԥхгаҩцәа Афедералтә центр "Машук "иаҭааит, уаҟа иалацәажәан ашколтә втобусқәеи аҵараҟны атехнологиа ҿыцқәа ралагалареи. Иахьа ҳнапы зҵааҩыз амеморандум, ари ҳаиқәшаҳаҭрақәа зырӷәӷәо, аусеицура анаҩстәи аҿиара зыӡбо хра злоу шьаҿоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Кравцов.
Габлиа урыстәылатәи иколлегацәа иҟарҵаз адгыларазы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, инаҵшьны иазгәеиҭеит амеморандум атәылақәа рыбжьара аҵарадырратә еимадарақәа рыҿиара аизҳара шанаҭо.