https://sputnik-abkhazia.info/20250224/gabliei-kravtsovi-auseitsurazy-amemorandum-rnapy-aarit-1053894786.html
Габлиеи Кравцови аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарҩит
Габлиеи Кравцови аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарҩит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 24 - Sputnik. Аԥсны аҵара аминистр ин.н Инал Габлиеи Урыстәыла Аҵара аминистр Сергеи Кравцови аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарҩит, иара убас... 24.02.2025, Sputnik Аҧсны
2025-02-24T12:37+0300
2025-02-24T12:37+0300
2025-02-24T12:37+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/18/1053894394_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_3724322976c7e38efcbb6002b64e431d.jpg
АҞӘА, жәабран 24 - Sputnik. Аԥсны аҵара аминистр ин.н Инал Габлиеи Урыстәыла Аҵара аминистр Сергеи Кравцови аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарҩит, иара убас 2025 шықәсазы еицырзеиԥшу аусмҩаԥгатәқәа шьақәдырӷәӷәеит. Аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аусеицура аҵарадырраҿы ихадоу ахырхарҭақәа аҵанакуеит – арҵаҩцәа разыҟаҵара, ашколқәа ҳаамҭазтәи атехникала реиқәыршәара, арҵаҩцәа рыбжьара аԥышәа аимдара, аҵаратә ҭагылазаашьа аҿиара. Габлиа урыстәылатәи иколлегацәа иҟарҵаз адгыларазы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, инаҵшьны иазгәеиҭеит амеморандум атәылақәа рыбжьара аҵарадырратә еимадарақәа рыҿиара аизҳара шанаҭо.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/18/1053894394_85:0:1224:854_1920x0_80_0_0_4c238b067985378ed97657f3f6445018.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Габлиеи Кравцови аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарҩит
АҞӘА, жәабран 24 - Sputnik. Аԥсны аҵара аминистр ин.н Инал Габлиеи Урыстәыла Аҵара аминистр Сергеи Кравцови аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарҩит, иара убас 2025 шықәсазы еицырзеиԥшу аусмҩаԥгатәқәа шьақәдырӷәӷәеит.
Аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аусеицура аҵарадырраҿы ихадоу ахырхарҭақәа аҵанакуеит – арҵаҩцәа разыҟаҵара, ашколқәа ҳаамҭазтәи атехникала реиқәыршәара, арҵаҩцәа рыбжьара аԥышәа аимдара, аҵаратә ҭагылазаашьа аҿиара.
"Ҳара Аԥснытәи ҳколлегацәеи ҳареи еснагь аиҿцәажәара мҩаԥаҳгоит, аҵарадырра ахаҭабзиара аиӷьтәразы аус еицаҳуеит. Ааигәа Аԥсны ашколқәа рнаԥхгаҩцәа Афедералтә центр "Машук "иаҭааит, уаҟа иалацәажәан ашколтә втобусқәеи аҵараҟны атехнологиа ҿыцқәа ралагалареи. Иахьа ҳнапы зҵааҩыз амеморандум, ари ҳаиқәшаҳаҭрақәа зырӷәӷәо, аусеицура анаҩстәи аҿиара зыӡбо хра злоу шьаҿоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Кравцов.
Габлиа урыстәылатәи иколлегацәа иҟарҵаз адгыларазы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, инаҵшьны иазгәеиҭеит амеморандум атәылақәа рыбжьара аҵарадырратә еимадарақәа рыҿиара аизҳара шанаҭо.