АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеран Алықьса Лашәриа идырныҳәалеит Аиааира 80 шықәса ахыҵра аламҭалазы ианашьоу Шәача Ҳаҭыр зқәу атәылауаҩ ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.
Лашәриа Шәача ашәҟәы дҭаҩуп, аха уажәы иҭаацәеи иареи Аҟәа инхоит. Иара амедали агәаларшәаратә ҳамҭақәеи ианаршьарц Шәача Ақалақьтә еизара аҟынтәи аделегациа иҭааит.
Ақалақьтә еизара адепутат Елена Дорогинина иазгәалҭеит, Урыстәыла ахада инапынҵала 35-ҩык аветеранцәа аҳаҭыртә хьыӡқәа шранашьоу. Илҳәеит Лашәриа амедал инаҷыдангьы иназыцҵоу атәанчахәы шиоуа.
1945 ашықәсазы Алықьса Лашәриа Берлин днеины Реихстаг аҭӡамц аҿы аҩыра аанижьит. Ҳазҭоу ашықәс жәабранмзазы иара 100 шықәса ихыҵит Ииубилеи идиныҳәалеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.