Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсныҟа иааит "Аиааира адәыӷба"

© SputnikИнтерактивный музей "Поезд Победы" впервые в Сухум
Интерактивный музей Поезд Победы впервые в Сухум - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2025
Анапаҵаҩра
"Аиааира адәыӷба" жәабран 25-нӡа Аҟәатәи авокзал аҿы игылазаауеит, жәабран 26 рзы Гәдоуҭаҟа ицоит.
АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Аҟәатәи аихамҩатә вокзал аҿы иахьа аҭааҩцәа рзы ашәқәа аатит акәырҷыжьқәа ирықәгылоу амультимедиатә музеи "Аиааира адәыӷба".
Заеиԥшыҟам аекспонатқәа рбарц уахь инеит ақалақь ауааԥсыра, ахәыҷқәа, абригада "Пятнашка" адҵаҟаҵаҩ Ахра Аҩӡба иҩызцәеи иареи, аполитик Бадра Гәынба.
"Зқьҩыла ҳџьынџьуаа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа афронтқәа рҿы иҭахеит. Ари агәалашәара адәыӷба усҟантәи аамҭахь ҳнанагоит, иахьа иҟоу ахҭысқәа ҳазнархәыцуеит", — иҳәеит Гәынба.
"Аиааира адәыӷба" — акәырқәа ирықәгылоу музеиуп. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аамҭазы иҟалаз ахҭысқәа ирызкуп жәа-вагонк атематика.
Ацәыргақәҵа иахьатәи амультимедиатә технологиақәа рхархәарала аҭоурыхтә ҵабырг еиҭашьақәнаргылоит.
Хаз игоу вагонк аҟны ицәыргоуп аԥсуа еибашьцәа рекспонатқәа акаскақәа, аимадаратә хархәагақәа. Урҭ еиқәдыршәеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеии Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеии.
Иара убас, иаарԥшуп раԥхьаӡатәи аԥсуа ԥырҩы Мери Аҩӡԥҳаи атанкист Михаил Китиеи Аиааира агаразы рлагала.
Адәыӷба Аҟәа иҟазаауеит жәабранмза 25-нӡа, 26 рзы Гәдоуҭаҟа инеиуеит.
Поезд Победы - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2025
Аԥсны
Аинтерактивтә музеи "Аиааира адәыӷба" Аԥсныҟа раԥхьаӡа акәны иаауеит
Ажәабжьқәа зегьы
0