Аԥсны

Бадра Гәынба атәыла АҩАР аветеранцәа Рассоциациа аԥҵара 10 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 15 – Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Рассоциациа аԥҵара 10 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
"Шәҩыла Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа абџьар кны рыԥсадгьыл рыхьчон. 41-ы амилициа аусзуҩцәа Аԥсны ахақәиҭра рхы ақәырҵеит", — ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.
Иҳәеит Аԥсны иалалаз ақырҭуа диверсантцәа ишырҿагылаз амилициа. Аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы 70-ҩык инареиҳаны амилициа аусзуҩцәа ҭахеит.
Лаҵара 15 рзы аибашьра иалахәыз аҩнуҵҟатәи аусқәа русзуҩцәа, аветеранцәа Рассоциациа аԥҵоижьҭеи 10 шықәса ҵит. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын 400-ҩык инареиҳаны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа.
Шьыжьнаҵы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазку аусмҩаԥгатә мҩаԥысит.