https://sputnik-abkhazia.info/20250515/badra-gynba-atyla-aar-aveterantsa-rassotsiatsia-aara-10-shysa-akhyra-rydinyaleit-1054933097.html
Бадра Гәынба атәыла АҩАР аветеранцәа Рассоциациа аԥҵара 10 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит
Бадра Гәынба атәыла АҩАР аветеранцәа Рассоциациа аԥҵара 10 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, лаҵара 15 – Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Рассоциациа... 15.05.2025, Sputnik Аҧсны
2025-05-15T11:19+0300
2025-05-15T11:19+0300
2025-05-15T11:19+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/0f/1054932470_0:196:1280:917_1920x0_80_0_0_aba1347fd182233337b9c4a200181475.jpg
АҞӘА, лаҵара 15 – Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Рассоциациа аԥҵара 10 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит."Шәҩыла Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа абџьар кны рыԥсадгьыл рыхьчон. 41-ы амилициа аусзуҩцәа Аԥсны ахақәиҭра рхы ақәырҵеит", — ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.Иҳәеит Аԥсны иалалаз ақырҭуа диверсантцәа ишырҿагылаз амилициа. Аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы 70-ҩык инареиҳаны амилициа аусзуҩцәа ҭахеит.Лаҵара 15 рзы аибашьра иалахәыз аҩнуҵҟатәи аусқәа русзуҩцәа, аветеранцәа Рассоциациа аԥҵоижьҭеи 10 шықәса ҵит. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын 400-ҩык инареиҳаны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа.Шьыжьнаҵы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазку аусмҩаԥгатә мҩаԥысит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/0f/1054932470_97:173:1088:917_1920x0_80_0_0_a5f441c695f13e599521ed67f36793dc.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Бадра Гәынба атәыла АҩАР аветеранцәа Рассоциациа аԥҵара 10 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит
АҞӘА, лаҵара 15 – Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Рассоциациа аԥҵара 10 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
"Шәҩыла Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа абџьар кны рыԥсадгьыл рыхьчон. 41-ы амилициа аусзуҩцәа Аԥсны ахақәиҭра рхы ақәырҵеит", — ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.
Иҳәеит Аԥсны иалалаз ақырҭуа диверсантцәа ишырҿагылаз амилициа. Аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы 70-ҩык инареиҳаны амилициа аусзуҩцәа ҭахеит.
Лаҵара 15 рзы аибашьра иалахәыз аҩнуҵҟатәи аусқәа русзуҩцәа, аветеранцәа Рассоциациа аԥҵоижьҭеи 10 шықәса ҵит. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын 400-ҩык инареиҳаны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа.
Шьыжьнаҵы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазку аусмҩаԥгатә мҩаԥысит.