АҞӘА, лаҵара 27 - Sputnik. Аԥсны аекономикахь 30 миллиард мааҭ инареиҳаны хаҭалатәи аинвестициақәа радыԥхьалара алыршахеит иҳаҩсыз хәышықәса ирылагӡаны иҳәеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба.
"Сара агәра ганы сыҟоуп, апроектқәа зегьы хазы-хазы рыхәаԥшра, ҳекономикахь аинвестициақәа ҟазҵарц зҭаху ауаа рацәажәара ҳшазхиоу. Уи аганахьала, ҳара аинвесторцәа реиԥш ҳауаажәларра рзгьы ҳаартхоит, ҳаартхоит ҳтәылауаа Аԥсны аҵакыраҿы арҭи егьырҭи апроектқәа аус зрыдулахо атәы еилыркааларц", — иҳәеит Кавказтәи аинвестициатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны ТАСС аинтервиу азҭаз Бадра Гәынба.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, аинвестициатә проект ҿыцқәа рынагӡара, зегь раԥхьаӡа иргыланы, ареспублика аекономика аҿиаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара иацхраауеит ҳәа.