Аԥсны

Арыжәтә ыжәны амашьына аԥсҟы зкыз быжьҩык арныҟәцаҩцәа рзинтә бӷьыцқәа рымырхит уахыкала

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 28 - Sputnik. Арыжәтә ыжәны амашьына аԥсҟы зкыз быжьҩык амашьынарныҟәцаҩцәа рзинтә бӷьыцқәа рымырхит лаҵара 27 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥгаз ареидқәа раан.
Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа иааизакны административтә еилагарақәа рзы аԥкаанҵақәа 151 еиқәдыршәеит. Арыжәтә зжәыз амашьынарныҟәцаҩцәа рнаҩсгьы, агәаҭаратә ҭыԥқәа рҟны ауаажәларратә транспорт аныҟәцаҩцәа аанкыланы игәарҭон, апассаџьырцәа зин ҷыдада (лицензиада) иныҟәызгоз аарԥшын.
Акурорттә аамҭа иалагазар амҩақәа рҿы амашьынақәа рхыԥхьаӡара еизҳаит. Амҩатә ԥҟарақәа реилагарақәа рхыԥхьаӡара еиҵахаанӡа, ареидқәа шымҩаԥыргац имҩаԥыргалоит ҳәа аанацҳауеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.