https://sputnik-abkhazia.info/20250528/aryzht-yzhny-amashyna-asy-zkyz-byzhyk-arnytsatsa-rzint-bytsa-rymyrkhit-uakhykala-1055097141.html
Арыжәтә ыжәны амашьына аԥсҟы зкыз быжьҩык арныҟәцаҩцәа рзинтә бӷьыцқәа рымырхит уахыкала
Арыжәтә ыжәны амашьына аԥсҟы зкыз быжьҩык арныҟәцаҩцәа рзинтә бӷьыцқәа рымырхит уахыкала
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, лаҵара 28 - Sputnik. Арыжәтә ыжәны амашьына аԥсҟы зкыз быжьҩык амашьынарныҟәцаҩцәа рзинтә бӷьыцқәа рымырхит лаҵара 27 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥгаз... 28.05.2025, Sputnik Аҧсны
2025-05-28T13:31+0300
2025-05-28T13:31+0300
2025-05-28T14:26+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/03/1054329753_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_6ce07ae5947af73940f3e40cf00bb20d.jpg
АҞӘА, лаҵара 28 - Sputnik. Арыжәтә ыжәны амашьына аԥсҟы зкыз быжьҩык амашьынарныҟәцаҩцәа рзинтә бӷьыцқәа рымырхит лаҵара 27 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥгаз ареидқәа раан.Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа иааизакны административтә еилагарақәа рзы аԥкаанҵақәа 151 еиқәдыршәеит. Арыжәтә зжәыз амашьынарныҟәцаҩцәа рнаҩсгьы, агәаҭаратә ҭыԥқәа рҟны ауаажәларратә транспорт аныҟәцаҩцәа аанкыланы игәарҭон, апассаџьырцәа зин ҷыдада (лицензиада) иныҟәызгоз аарԥшын.Акурорттә аамҭа иалагазар амҩақәа рҿы амашьынақәа рхыԥхьаӡара еизҳаит. Амҩатә ԥҟарақәа реилагарақәа рхыԥхьаӡара еиҵахаанӡа, ареидқәа шымҩаԥыргац имҩаԥыргалоит ҳәа аанацҳауеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/03/1054329753_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_3f081fe86ea2f5ccf7a4373e4d4b565c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Арыжәтә ыжәны амашьына аԥсҟы зкыз быжьҩык арныҟәцаҩцәа рзинтә бӷьыцқәа рымырхит уахыкала
13:31 28.05.2025 (ирҿыцуп: 14:26 28.05.2025) АҞӘА, лаҵара 28 - Sputnik. Арыжәтә ыжәны амашьына аԥсҟы зкыз быжьҩык амашьынарныҟәцаҩцәа рзинтә бӷьыцқәа рымырхит лаҵара 27 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥгаз ареидқәа раан.
Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа иааизакны административтә еилагарақәа рзы аԥкаанҵақәа 151 еиқәдыршәеит. Арыжәтә зжәыз амашьынарныҟәцаҩцәа рнаҩсгьы, агәаҭаратә ҭыԥқәа рҟны ауаажәларратә транспорт аныҟәцаҩцәа аанкыланы игәарҭон, апассаџьырцәа зин ҷыдада (лицензиада) иныҟәызгоз аарԥшын.
Акурорттә аамҭа иалагазар амҩақәа рҿы амашьынақәа рхыԥхьаӡара еизҳаит. Амҩатә ԥҟарақәа реилагарақәа рхыԥхьаӡара еиҵахаанӡа, ареидқәа шымҩаԥыргац имҩаԥыргалоит ҳәа
аанацҳауеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.