Алықьса Гогәуа иҩымҭақәа реиҭахысра арубрика иацҵо, исҭаххеит уи ишәҟәыҩҩра инаҷыданы амилаҭ рызҵаарақәа рҿы хьаҵшьа ззымдыруаз ауаҩы иаҳасабала даҳгәалаҳаршәарц. Ашәҟәыҩҩы ирҿиараҿгьы дыӷәӷәаӡаны, иуаажәларратә позиациагьы џьбараны лассы-лассы иаҳԥыло цәырҵрам. Зегь акоуп ганкы еиҳа ихьысҳахар ауеит.
Гогәуа итәы ҳҳәозар, аибашьра аԥхьа амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара иадҳәалоу ахҭысқәа бзианы изласгәалашәо ала, исҳәарц сылшоит ирҿиареиԥш жәлар рҿахәы аҳәараҿгьы дҳаракын ҳәа. Урҭ ашықәсқәа рзы иара ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аредактор хадас дыҟан. Гогәуа инысымҩа уазхьаԥшуазар, ирҿиаратә ԥсҭазаареи иуаажәларратә усуреи еибакапануан уҳәар ауеит. Аԥсны Ашәҟәыҩҩыцәа реидгыла ахантәаҩра инаркны СССР жәлар рдепутат уҳәа Гогәуа ауаажәларратә усқәа рҿы илиршаз рацәоуп. Убри зегьы дырҿын ишәҟәыҩҩра аанмыжьӡакәа.
Ауаажәларратә усқәа анаҳҳәа, иахьатәи анҵамҭаҿы иалыскаауеит 1988-1989 ш.ш. Аԥсны жәлар рфорум "Аидгылара" раԥхьатәи ахантәаҩыс иҟазаара. Имчын уи аамҭа, избанзар Қырҭәыла имҩаԥнагоз ашовинисттә политика ашьаҭақәа бзианы иаҳахьан, макьанагьы Асовет ҳәынҭқарра еиламҳацызт аҟнытә, ақырҭуа политика Урыстәыла агәаҿы амчқәагьы ӷәӷәан. Аԥсны анаҩстәи алахьынҵа, даҽакала иаҳҳәозар аполитикатә хсаалаҿы иааннакылашаз аҭыԥ иазықәԥатәын усҟан.
Ԥхынҷкәын 13 1988 шықәсазы иаԥҵан Аԥсны жәлар рфорум "Аидгылара". Усҟан ауаажәларратә усқәа знапы рылакыз аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа маҷҩымызт, аха уи хадара азиур акәхеит ароман "Асду" автор, аԥсуа проза аԥҵараҿы аԥхьагылара змаз Алықьса Гогәуа. Избан? Амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара аветеран, аҵарауаҩ-ашәҟәыҩҩы Владимир Занҭариа абри азҵаара абас ахҳәаа ҟаиҵеит: "Еснагь амилаҭтә зҵаарақәа дырхаҵгылон, акырынтә аизарақәа рҿы дықәгылахьан ақырҭуа еиҳабыра ианраҳауазгьы. Аԥсадгьыл азҵаара ихы ақәиҵон, агәаӷьрагьы аҟазарагьы еилан иԥсабараҿы. Милаҭтә ҿахәҳәаҩны дыҟан Гогәуа. Ихаҭара дуун, ихыԥшагьы ӷәӷәан. Иҭахымызт азнаказ, ишәҟәыҩҩра ишаԥырхагахоз иҳәеит, аха дазааҳгеит. Зегь еицҿакны икандидатура иадгылеит. Нас, ибзианы ианышьақәгыла, ԥыҭк ианнеи днаскьеит".
Ашәҟәыҩҩы Гогәуа 2008 шықәсазы "Аидгылара" 20 шықәса ахыцра аназгәарҭоз уи ҵакыс иамаз дазааҭгыло иажәахә аҿы абас иҳәеит: "Иахьа иҳамоу аиааирақәа, аихьӡарақәа зегьы ршьапы ахьыҟоу, хыҵхырҭас ирымоу ҩажәа шықәса раԥхьа "Аидгылара" еизнакыз, еиднакылаз, ахырхарҭақәа знаҭаз амчқәа рҿы ауп. Ҳәарада, асеиԥш иҟоу ахеидкыла аирагьы, убарҭ амчқәа зегь еизнакыртә, еиднакылартә аҟаларагьы машәырмызт", - анаҩс иажәа иацҵо ашәҟәыҩҩы имҩаԥигеит аиҿырԥшра - аибашьра ашьҭахьтәи аполитикатәи, ауаажәларратәи еиҿкаарақәеи "Аидгылареи" реиԥшымзааразы. "Иҟоуп абжьааԥнытәи ахеидкылақәа, апартиақәа, еиҳаракгьы зидеиақәа зхы иҭызҳәааз, насгьы, ажәлар зегьы рус акәымкәа ԥыҭҩык, ма гәыԥҩык ринтересқәа ирызку. "Аидгылара" акәзар, ишьҭнахыз, ицәырнагаз апроблемақәа, азҵаарақәа зегьы аамҭа иахылҵны, жәлары зегьы ирусны абжьы зхаҵатәны, амҩа зыҭатәны, иқәҵатәны иҟаз акәын".
Ашәҟәыҩҩы Гогәуа аибашьра анцозгьы, ианеилга ашьҭахьгьы хра злаз азҵаатәқәа рзы апублицистикаҿы дцәырҵуан. Ашәҟәыҩҩы еснагь дазхәыцуан ижәлари иԥсадгьыли рызҵаатәқәа. Напхгара зиҭоз "Аидгылара" анаҩастәи алахьынҵа дазхәыцуа, иинтервиуқәа руак аҿы иаликаауеит "Аибашьра ианналага, иаахжәаны ахеидкыла адыркит" ҳәа. 2012 шықәсазы иикьыԥхьыз истатиа "Аҳарҩа – амҩа узырбо, ахра уаҿызго ахаҳә" аҿы акыр дазааҭгыланы дазхәыцуеит аибашьра ашьҭахь "Аидгылара" аиҭашьақәыргылара, уаанӡа иамаз аидеиақәа реиҭашьҭыхра залымшаз атәы.
" … Аибашьра ашьҭахь уи еиҭеизаагоит ҳәа иалагаз, ма аҳәынҭқарра амаҵураҿы иҟан, ма уахь рхы хан, ԥасатәи рсоциалтә шәхымс ихыҵхьан. Урҭ рзы уи аиԥш иҟаз ахеидкыла, аҿыц ҭагылазаашьақәа рҿы акәзаргьы, изхысхьаз ирымҵәахьаз усын. Ус цхыраагӡан, ҽхьынҳәалак аиԥш усҟак амҽхак змаз ахеидкыла аҽунаҭомызт…", - иҩуеит акыр иџьбароу ажәақәа Гогәуа.
Иџьбаран, аха ииашахаҭоуп. Зсоциалтә шәхымс аҽаԥсахыз дреиуамызт Гогәуа, убри аҟынтә ихәыцра ӷьеҩқәа рцәыргаразы азингьы иманы даанхеит. Ус акәзаргьы, ашәҟәыҩҩы дгәыӷуан иҭацәыз "аинтеллигенциа ҿыц рҭыԥ" аанызкылаша аҿар цәырҵып ҳәа. "Ҳара ҳхаан, ашкол ҳанҭазгьы иаабартә иҟан еиҳа иахьыуашәшәырақәаз, еиҳа иахьҳадыӷәӷәалоз, изыхҟьозгьы, ус иҟазҵозгьы. Ҳашқәыԥшӡазнатә убарҭ рыхьчара, реиқәырхара зегь раԥхьа иҳаргылон", - игәалаиршәоит иара амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара ахыҵхырҭақәа.
Ашәҟәыҩҩы ихәыцрақәа анализ рзууазар, аамҭа ҿыц аҿы ус еиԥш иҟаз ааӡара шԥсасиз унардыруиет, аха зегь акоуп иара дгәыӷуан… Гогәуа изын еснагь игәыҵхарҭан аиаша адефицит. "Аидгылара" анаԥырҵоз аамҭазгьы, аԥсуаа рҿахәы ахьырҳәашаз ак хәыцтәын, избанзар апартиа иахаҿырбагаз аинформациатә ҭыжьымҭақәа, еиҳакрагьы акьыԥхь усҟантәи ацензорцәа рнапаҿы иҟан, Гогәуа иҳәан еиԥш "ирҭахыу рҳәартә" иҟамызт. Убри аҟынтә, ихәыцтәын аиашаҳәарҭа амҩа. Абҵара 22, 1989 шықәсазы "Аидгылара" захьӡыз агазеҭ аҭыҵра дазгәдууны Гогәуа уи 2-тәи аномер адаҟьаҿы иҩуан: "Аринахыс сгәы иаанагоит, ажәлар рыԥсҭазаара иҵегь аҽагәылахалатәуп ҳәа, уи ахьаақәа, аиҿыхарақәа, шеи-шықәсеи иҳазкамыжьуа, шьҭахьҟа иҳахо ҳаҩнуҵҟатәи ҳагхақәа цәыргатәуп, иӡатәым ҳәа. Ҳажәа, ҳус – зегь рыла ҳацхраароуп ҳара ҳморалтә кодекс ду – Аламыс арыцқьара, арӷәӷәара, аиашазы ақәԥара ианамысны аҟаҵаразы".
Алықьса Гогәуа иԥсҭазаараҿы "Аидгылара" иаҵанакуаз рацәаӡан, аха игәы иаланы 2017 шықәсазы Анатоли Лагәлаа ииҭаз аинтервиу аҿы иҳәоит: "Уи атәы сахьаркырала аума, публицистикала аума аҩра сахьымӡозар акәхап" ҳәа. Ашәҟәыҩҩы анаҩс иажәа ахы ахьцо иунарбоит уи ахеидкыла иазку аиашахаҭа макьанагьы аӡбахә ҳәам ҳәа ишиԥхьаӡо. "Аӡәырҩы, иара иалахәыз рахьтәгьы, уи аусура армаӷьырма иахәаԥшуа, еилызкаауа, аус анауазгьы иаԥырхагаз иахьагьы иҟоуп, аха уеизгьы уи атәы ишақәнагоу иҭызҵааша, изҩыша ҟалап ҳәа агәыӷра сымоуп. Имгәыӷкәа иԥсхьада", - иҳәоит Гогәуа.
Амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара иԥсҭазаара аӷьырак ахҭниҵеит здунеи зыԥсахыз ашәҟәыҩҩы, уи иара иуалԥшьаны ибон, урҭ ахьанҭарақәа урыӡрыжәыр шалшо аарԥшуа, Даур Наҷьебиа ииҭаз аинтервиу аҿы "Аидгылара" аҭоурых дазааҭгыло ихазы абас иҳәоит : "…Арҿиаратә баҩхатәра гәыхәтәыс измоу инаҭо аҟара ицәагоит, раԥхьа иргылан, иаамҭа иара дақәиҭымкәаны дҟанаҵоит, арҿиара ус акәзар, акы аанмыжькәа ауаҩы иаамҭа зегьы аҭахуп, ирҿиаратә диапазон еиҵанакуеит, инарҭбааны, инарҵауланы аԥстазаара аҭҵаара ацынхәрас, хылатәи иқәԥара аҳасабтәқәа рмаҵура мацара аҟынӡа инангоит, асоциалтә, амилаҭтә ҳасабтәқәа инархыган иҟоу, еиҳа ицәыхарантәуеит. Саргьы абарҭқәа зегьы зыхганы иааиуа аӡәы соуп, уи сахьыннакыло, сахьарҭшәақәо дырны, ацәцара азы еснагь аҽыхарақәа ҟасҵоит…".
Алықьса Гогәуа инысымҩа уазхәыцыр, иџьоушьаратәы иҟоуп абырсҟак ажәлар русқәа ирзықәԥоз апрозаик излаилшаз аԥсуа сахьаркыратә ҩыраҿы аԥхьагылара змоу арҿиамҭақәа рныжьра. Алкаа ҟаҳҵозар, Владимир Занҭариа ишиҳәаз еиԥш - Агәаӷьрагьы аҟазарагьы еилан иԥсабараҿы…