Аԥсны

Аԥснытәи аҵаҩы иҷыдоу апроект "Еснагь сыхиоуп!" афинал аҟны днеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 24 – Sputnik. Гьачрыԥшьтәи абжьаратә школ аҵаҩы Арина Оганиан иҷыдоу апроект "Еснагь сыхиоуп!" "Урыстәыла - Алшарақәа рыдгьыл" аҳәаақәа ирҭагӡаны иаԥҵоу аԥшьгара "Даҽа уск" афинал аҟны днеит.
Аицлабра еиднакылеит 14-17 шықәса зхыҵуа 3000-ҩык инареиҳаны алахәылацәа.
Афиналистцәа аҟазаратә уснагӡатә нарыгӡароуп: "Сгәацԥыҳәара ахыҵхырҭақәа" ҳәа атема ала жә-сахьак зну аҭыжьымҭа архиара. Аидеиа, авизуалтә ҭыхымҭақәа, аоригиналра, асоциалтә еимадарақәа рҿы иҟоу ақәҿыҭра ахәшьара рыҭахоит.
Аицлабра аихшьаалақәа инарықәыршәаны, аиааира згаз 200-ҩык Солнечногорск ақалақь аҿы иҟоу Сенеж анапхгаратә цех аҿы азыҟаҵаратә курс ахь ицоит.
Иҷыдоу апроект апионертә еиҿкаара 100 шықәса ахыҵра иазкуп, ԥшьынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи.
Аԥсны
Аԥснытәи ааҩык аҿар Жәларбжьаратәи аҿартә форум "Евразия Global" иалахәхоит