Аԥсны

Аԥсны аусбарҭақәа роптимизациазы аусбарҭабжьаратә планқәа рыҟаҵара иалагеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҿы 2026-2030 шықәсқәа рызтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Аҳәынҭқарратә программа аиқәыршәара аҳәаақәа ирҭагӡаны аусбарҭақәа русура рырманшәалара азҵаара иалацәажәеит.
Аԥыза-министр Владимир Делба апрофильтә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа рнапы ианиҵеит русбарҭақәа русура еиҳа хра аиурцаз апроектқәа руснагӡатәқәа азырхианы ԥхынгәымза 15 рҟынӡа Аминистрцәа реилазаарахь инаргарц.
Аилацәажәара рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб, афинансқәа рминистр Саид Гәбаз, аҵарадырра аминистр Хана Гәынԥҳа, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, акапиталтә ргыларатә усбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа.