Аԥсны

Аԥсны инхо урыстәылатәи атәанчаҩцәа ПСБ акартақәа х-ҟәшак рҿы рхарҭәаара рылшоит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 26 - Sputnik. Аԥсны инхо урыстәылатәи атәанчаҩцәа ПСБ акартақәа рхарҭәаара рылшоит Аҵәахбанк аҟәшақәа хԥа рҿы:
Аҟәа, Лакоба имҩа, 4;
Гагра, Абазгаа рымҩа, 55/4;
Гәдоуҭа, Чачба имҩа, 3.
Нанҳәа 1 инаркны атәанчахәы ПСБ акартақәа рҿы мацара ауп иахьҭало.
Акарта аиуразы аԥхьа аҟәшаҿы шәыҽҭажәыҩуеит, хәыда-ԥсада илшәх ахыԥхьаӡарақәа 4444 (амобилтә ҭелқәа рҟнытә).
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ԥхынгәы 1 инаркны атәанчаҩцәа ркатегориақәак рзы атәанчахәы аизырҳара иақәшаҳаҭхеит.
Атәанчаҩцәа реиҳараҩык акартақәа роухьеит – урҭ 19 нызқьҩык инареиҳаны иҟоуп. Иааизакны ареспубликаҿы инхоит Урыстәыла атәылауаҩра змоу 20 нызқьҩык инареиҳаны атәанчаҩцәа.
Урыстәылатәи абанк аԥсуа ган ацхыраарала Аԥсны акартақәа рыҭара еиҿнакааит.
Аԥсны
Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаҩра змоу атәанчаҩцәа атәанчахәы роулоит акарта ПСБ ахь мацара