Аминистрцәа реилазаара ақәшаҳаҭхеит атәанчаҩцәа категориақәак ирҵанакуа ратәанчахәы ацҵара
11:40 26.06.2025 (ирҿыцуп: 13:12 26.06.2025)
© Sputnik РИА / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЖители Мелитополя начали получать единовременные выплаты в рублях

© Sputnik РИА
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 26 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы ԥхынгәы 1 инаркны урыстәылатәи атәанчахәы змоуа аԥснытәи атәанчаҩцәа ркатегориақәак рзы атәанчахәы аизырҳара иақәшаҳаҭхеит.
Атәанчахәы 1000 мааҭ ацлоит.
Ашәараҵҵа азгәаҭаны ирызшәахоит:
зықәрахь инеихьоу атәанчаҩцәа — 5 000 мааҭ роулоит;
акыршықәсатәи аусуразы атәанчахәы зауа — 4 700 мааҭ;
аҳаҭыртә хьыӡқәа "Жәлар", "Зҽаԥсазтәыз" змоу атәанчаҩцәа — 5 500 мааҭ;
адгьыл аҵа аус зуаз (ашахтаҿ) атәанчаҩцәа — 4 500 мааҭ;
І агәыԥ змоу аџьа аинвалидцәа — 4 900, ІІ агәыԥ змоу — 4 800, III агәыԥ— 4 650 мааҭ;
иныҟәызгоз дахьрыԥхаз азы атәанчахәы зауа (аусуразы алшара змам аҭаацәа ахаҭарнакцәа рыцԥхьаӡа;
зынӡа ҭынха дызмам — 8 000 мааҭ;
асоциалтә тәанчахәы зауа қәрала — 4 100 мааҭк роулоит;
асоциалтә тәанчахәы зауа хымхәаралазы — 3 100 мааҭк роулоит;
иизар иинвалиду 16 шықәсанӡа — 6 000 мааҭ, I агәыԥ змоу — 6 000 мааҭ, II агәыԥ — 5 500 мааҭ рзыршәалоит.
Асоциалтә еиқәыршәара аминистр Руслан Аџьба иажәақәа рыла абиуџьет ахьанҭыра мызкахьы 16 миллион мааҭ, шықәсык ахь 192 миллион мааҭ рыла еиҳахоит.