Рашәарамза 28 рзы Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра академиа иалгаз аԥснытәи аушьҭымҭацәа адипломқәеи агәышԥтәы дыргақәеи ранеишьеит ареспублика аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа, ацеремониа мҩаԥысуан Москва ақалақь Ашҭа Ҟаԥшь аҟны.
Арадио Sputnik аҟны АҶА жәларбжьаратәи аусеиҿкаареи аԥкаанҵеи рыҟәша аиҳабы Лана Коӷониаԥҳаи Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра академиа аушьҭымҭа Ерик Кәыҵниеи еиҭарҳәеит ауснагӡатә шеиҿкааз.
Коӷониаԥҳа лажәақәа рыла, есышықәса хәҩык-фҩык иреиҵамкәа аҵарахьы ирышьҭуеит, АҶ рминистр Лев Кәыҵниа аҿар реиҵааӡара хшыҩзышьҭра аиҭоит. Акадртә анализ ҟаҳҵоит, зҵара хыркәшаны иаауа усурҭа ҭыԥла еиқәыршәоуп ҳәа лҳәеит лара.
Урыстәыла АҶ рминистрра академиа иалгаз адипломқәа ҳанашьара иацыз агәыхыҭхыҭра атәы аҳәара уадаҩуп ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа.
Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рахь аԥснытәи аҿар рышьҭоит 2011 шықәса раахыс.
Шәахәаԥш астудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.