https://sputnik-abkhazia.info/20250702/kooniaai-kyniei-eiareit-aa-aganakhala-ireiau-aaraiuraa-ralgara-akys-iamou-1055656711.html
Коӷониаԥҳаи Кәыҵниеи еиҭарҳәеит АҶА аганахьала иреиҳау аҵараиурҭақәа ралгара ҵакыс иамоу
Коӷониаԥҳаи Кәыҵниеи еиҭарҳәеит АҶА аганахьала иреиҳау аҵараиурҭақәа ралгара ҵакыс иамоу
Sputnik Аҧсны
Рашәарамза 28 рзы Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра академиа иалгаз аԥснытәи аушьҭымҭацәа адипломқәеи агәышԥтәы дыргақәеи ранеишьеит ареспублика... 02.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-02T09:00+0300
2025-07-02T09:00+0300
2025-07-02T09:00+0300
аԥсны
авидеонҵамҭақәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/01/1055657185_0:0:3072:1728_1920x0_80_0_0_25a8b85889066fa9812bfb51f6a67df1.jpg
Рашәарамза 28 рзы Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра академиа иалгаз аԥснытәи аушьҭымҭацәа адипломқәеи агәышԥтәы дыргақәеи ранеишьеит ареспублика аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа, ацеремониа мҩаԥысуан Москва ақалақь Ашҭа Ҟаԥшь аҟны. Арадио Sputnik аҟны АҶА жәларбжьаратәи аусеиҿкаареи аԥкаанҵеи рыҟәша аиҳабы Лана Коӷониаԥҳаи Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра академиа аушьҭымҭа Ерик Кәыҵниеи еиҭарҳәеит ауснагӡатә шеиҿкааз. Коӷониаԥҳа лажәақәа рыла, есышықәса хәҩык-фҩык иреиҵамкәа аҵарахьы ирышьҭуеит, АҶ рминистр Лев Кәыҵниа аҿар реиҵааӡара хшыҩзышьҭра аиҭоит. Акадртә анализ ҟаҳҵоит, зҵара хыркәшаны иаауа усурҭа ҭыԥла еиқәыршәоуп ҳәа лҳәеит лара. Урыстәыла АҶ рминистрра академиа иалгаз адипломқәа ҳанашьара иацыз агәыхыҭхыҭра атәы аҳәара уадаҩуп ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа. Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рахь аԥснытәи аҿар рышьҭоит 2011 шықәса раахыс. Шәахәаԥш астудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/01/1055657185_168:0:2899:2048_1920x0_80_0_0_122f102a4558a7be0d17f819ec912dcd.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
авидеонҵамҭақәа, аԥсны, видео
авидеонҵамҭақәа, аԥсны, видео
Коӷониаԥҳаи Кәыҵниеи еиҭарҳәеит АҶА аганахьала иреиҳау аҵараиурҭақәа ралгара ҵакыс иамоу
Рашәарамза 28 рзы Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра академиа иалгаз аԥснытәи аушьҭымҭацәа адипломқәеи агәышԥтәы дыргақәеи ранеишьеит ареспублика аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа, ацеремониа мҩаԥысуан Москва ақалақь Ашҭа Ҟаԥшь аҟны.
Арадио Sputnik аҟны АҶА жәларбжьаратәи аусеиҿкаареи аԥкаанҵеи рыҟәша аиҳабы Лана Коӷониаԥҳаи Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра академиа аушьҭымҭа Ерик Кәыҵниеи еиҭарҳәеит ауснагӡатә шеиҿкааз.
Коӷониаԥҳа лажәақәа рыла, есышықәса хәҩык-фҩык иреиҵамкәа аҵарахьы ирышьҭуеит, АҶ рминистр Лев Кәыҵниа аҿар реиҵааӡара хшыҩзышьҭра аиҭоит. Акадртә анализ ҟаҳҵоит, зҵара хыркәшаны иаауа усурҭа ҭыԥла еиқәыршәоуп ҳәа лҳәеит лара.
Урыстәыла АҶ рминистрра академиа иалгаз адипломқәа ҳанашьара иацыз агәыхыҭхыҭра атәы аҳәара уадаҩуп ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа.
Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рахь аԥснытәи аҿар рышьҭоит 2011 шықәса раахыс.
Шәахәаԥш астудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.