Аԥсны

Бадра Гәынба Очамчыра иаланхо ауааԥсыра Ақалақь амш рыдиныҳәалеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 12- Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба Очамчыра иаланхо ауааԥсыра Ақалақь амш рыдиныҳәалеит.
"2525 шықәса зхыҵуа ақалақьқәа маҷуп адунеи аҿы. Ари ашықәсқәа мацара ракәӡам, ари — Аԥсны аҭоурых иузаҟәымҭхо иадҳәалоу ибеиоу аҭоурыхи акультуреи роуп!", — иҳәеит адныҳәалараҿы.
Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит ақалақь еиҳа-еиҳа ишыҿио: аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара иаҿуп, анаплак ҿыцқәеи асасааирҭақәеи аадыртуеит.
"Очамчыра еиҳагьы аҿиара аиурц азы аҳәынҭқарра иалшо зегь ҟанаҵоит", — иҳәеит атәыла ахада.
Аԥсны
Очамчыра аныҳәа: ақалақь 2525 шықәса ахыҵит