https://sputnik-abkhazia.info/20250712/1055969254.html
Очамчыра аныҳәа: ақалақь 2525 шықәса ахыҵит
Очамчыра аныҳәа: ақалақь 2525 шықәса ахыҵит
Sputnik Аҧсны
Очамчыра ақалақь амш сынтәа иазгәарҭоит асабша, ԥхынгәымза 12 рзы. Сынтәа иара иахыҵуеит 2525 шықәса. 12.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-12T17:17+0300
2025-07-12T17:17+0300
2025-07-12T19:28+0300
аԥсны
афотосахьақәа
аԥсны
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/0c/1055970602_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_da25fde58eefc2d3b8b0cb9e2e3af095.jpg
Очамчыра Ақалақь амш азгәаҭаразы апрограмма ҭбаа еиқәыршәоуп.Сынтәа ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи ирзыԥшуп абаҟа ҿыц аартра, ақыҭанхамҩатә аалыҵқәеи аҭыԥантәи анапҟазареи рцәыргақәҵа, аконцерт, адискотека. Ахәыҷӡақәа рзы Очамчыра ахадара еиҿнакаауеит аниматорцәа ршоу, ашәаҟьатә ныҳәа, аҵааршәи, ашьақарбамбеи, аҩсҭааџьықәреии рызшара.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/0c/1055970602_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_9ae47d162a0e7a5ac15c47ef0af6ff4e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа, аԥсны, акультура
фото, афотосахьақәа, аԥсны, акультура
Очамчыра аныҳәа: ақалақь 2525 шықәса ахыҵит
17:17 12.07.2025 (ирҿыцуп: 19:28 12.07.2025) Очамчыра ақалақь амш сынтәа иазгәарҭоит асабша, ԥхынгәымза 12 рзы. Сынтәа иара иахыҵуеит 2525 шықәса.
Очамчыра Ақалақь амш азгәаҭаразы апрограмма ҭбаа еиқәыршәоуп.
Сынтәа ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи ирзыԥшуп абаҟа ҿыц аартра, ақыҭанхамҩатә аалыҵқәеи аҭыԥантәи анапҟазареи рцәыргақәҵа, аконцерт, адискотека. Ахәыҷӡақәа рзы Очамчыра ахадара еиҿнакаауеит аниматорцәа ршоу, ашәаҟьатә ныҳәа, аҵааршәи, ашьақарбамбеи, аҩсҭааџьықәреии рызшара.

Очамчыра ақалақь амш сынтәа иазгәарҭоит асабша, ԥхынгәымза 12 рзы.

Аныҳәа еиднакылеит ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи

Сынтәа иара иахыҵит 2525 шықәса.

Очамчыра Ақалақь амш азгәаҭаразы апрограмма ҭбаа еиқәыршәоуп.

Ақыҭанхамҩатә аалыҵқәеи аҭыԥантәи анапҟазареи рцәыргақәҵа аатит Очамчыра Ақалақь амш аҽны

Уи иалахәуп ақыҭанхамҩатә аалыҵ цәырзгаз афермерцәеи анапкымҭақәа рҟазацәеи 30-ҩык.

Ақалақь иалсит аҽыҩҷкәынцәа абираҟқәа кны.

Ацәыргақәҵаҟны аныҳәатә гәалаҟара аԥҵоуп.

Аԥсуа чысқәа зегьы цәыргоуп, анапҟазацәа раалыҵқәа рцәыргақәҵеи рыҭиреи мҩаԥысуеит.

Асасцәа аԥсуа ашәақәеи акәашарақәеи нарыгӡоит.

Аиармарка иалахәыз аӡәырҩы аҭыԥаҟны афтә дырхион.

Агәаҳәара змаз зегьы ицәыргаз афатә хкқәа зегьы ргьама рбар ҟалон.

Абырзен қалақь Гиуенос ашьаҭа кын иахьатәи Очамчыра ахьыҟоу аҭыԥ аҿы ҳера ҟалаанӡа VI ашәышықәсазы.