Аԥсны

Аԥсуа музыкантцәа ральбом RAIDA ҭыҵит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 25 Sputnik. Аԥсуа музыкантцәа Надир Џьынали (Shiri) Ҭимур Ԥачкориеи (Temo) ральбом RAIDA ҭыҵит ԥхынгәымза 25 рзы.
Альбом еиднакылоит ансамбль "Гәында", Ҭеимраз Чамагәуа, Blizkey, Мадина Кәарцхьиаԥҳа, Валериа Перцхьелиаԥҳа, SGUYALSIT еицынарыгӡаз ашәақәа.
Апроект аус адырулон шықәсык аҩнуҵҟа, уи аҽарҭбааит афонд "Амшра" агрант анаиу ашьҭахь ҳәа Sputnik иазеҭеиҳәеит Надир Џьынал.
"Ҭемыр Паҷкориеи сареи уаанӡагьы ашәақәа "Риҵа", "Чарирама", "Ааԥынра" ҭҳажьхьан. Аха еиҳаны акы аҟаҵара агәазыҳәара сыман. Ашәак – маҷуп, сара сгәы иҭан культуратә еиҭаҳәаганы иҟало альбом аԥҵара", — иҳәеит иара.
Альбом еиднакылеит 14 трек. Урҭ руак шьаҭас иамоуп Blizkey (Валери Маиромиан) ицнарыгӡо аԥсуа жәлар рашәа "Азамаҭ".
RAIDA атрекқәа руак Владислав Арӡынба изкуп, уи шьаҭас иаиуит — Раԥхьатәи ахада иҭоубашьҭаҵаратә ажәахә.
Альбом 50 инареиҳаны амузыкатә плошьадкақәа рҿы иуаҳар алшоит. Аклип "Азамаҭ" ацыԥҵәаха ҩымш рыла 800 нызқьҩык ахәаԥшит.
Аԥсны
Аԥснытәи ашәаҳәаҩ Валери Маиромиан афестиваль Stereoleto аҿы дықәгылеит