Аԥсны

Гал ажәабатәи акласс аҵаҩы дӡааҟәрылеит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 3 - Sputnik. Гал араион аҿы ажәабатәи акласс аҵаҩы дӡааҟәрылеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҭыԥантәи ахадара ахада ихаҭыԥуаҩ Џьамбул Кәартаа.
Аӡӷаб лҭынхацәеи лареи аӡиас амшын иахьалоло ахықәан рыԥсы ршьон, иҟалап аӡыблара далахазар. Лаб иашьа деиқәирхарц иҽазишәеит, аха дылхьымӡаӡеит.
Аӡы данҭига ԥскәармак лыламызт ҳәа азгәеиҭеит Кәартаа. Ахаҵа ари ахлымӡаах изхымгакәан игәы аанкыланы дыԥсит.
Аԥсны
Толиатти ақалақь анхаҩы Аҟәа амшын аҿы дӡааҟәрылеит