https://sputnik-abkhazia.info/20250708/toliatti-aala-ankhay-aa-amshyn-ay-daaryleit-1055827609.html
Толиатти ақалақь анхаҩы Аҟәа амшын аҿы дӡааҟәрылеит
Толиатти ақалақь анхаҩы Аҟәа амшын аҿы дӡааҟәрылеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынгәы 8- Sputnik. Толиатти ақалақь анхаҩы Аҟәа амшын аҿы дӡааҟәрылеит. 08.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-08T16:00+0300
2025-07-08T16:00+0300
2025-07-08T16:57+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/1b/1049235969_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_e3167b506d644ecff7dd22d1684eb238.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 8- Sputnik. Толиатти ақалақь анхаҩы Аҟәа амшын аҿы дӡааҟәрылеит.52 шықәса зхыҵуа Григори Стециура иԥшәмеи иареи акатамаран иақәтәаны амшын агәахьы ицеит, аҟәараҟынтәи 200 метра ахьыбжьаз ахаҵа аӡы далаҳаит ҳәа аанацҳауеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра апресс-маҵзура.Аԥҳәыс лыҵәаабжьқәа заҳаз Аӷба маҷқәа рзы Аҳәынҭқарратә инспекциа аусзуҩцәа аҭыԥ ахь инеит, урҭ иӡааҟәрылаз аӡы дҭыргеит, иԥсеиқәырхараз раԥхьатәи ацхыраара ҟарҵеит, ахәышәтәырҭахьгьы дыргеит. Аха иеиқәырхара залыршамхеит.Ахҭыс азы азинхьчаратә усбарҭақәа рахь адырра ҟаҵан, аусеилыргара мҩаԥысуеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/1b/1049235969_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_ce42e7f4eb47c41a48267c308d907daa.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Толиатти ақалақь анхаҩы Аҟәа амшын аҿы дӡааҟәрылеит
16:00 08.07.2025 (ирҿыцуп: 16:57 08.07.2025) АҞӘА, ԥхынгәы 8- Sputnik. Толиатти ақалақь анхаҩы Аҟәа амшын аҿы дӡааҟәрылеит.
52 шықәса зхыҵуа Григори Стециура иԥшәмеи иареи акатамаран иақәтәаны амшын агәахьы ицеит, аҟәараҟынтәи 200 метра ахьыбжьаз ахаҵа аӡы далаҳаит ҳәа аанацҳауеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра апресс-маҵзура.
Аԥҳәыс лыҵәаабжьқәа заҳаз Аӷба маҷқәа рзы Аҳәынҭқарратә инспекциа аусзуҩцәа аҭыԥ ахь инеит, урҭ иӡааҟәрылаз аӡы дҭыргеит, иԥсеиқәырхараз раԥхьатәи ацхыраара ҟарҵеит, ахәышәтәырҭахьгьы дыргеит. Аха иеиқәырхара залыршамхеит.
Ахҭыс азы азинхьчаратә усбарҭақәа рахь адырра ҟаҵан, аусеилыргара мҩаԥысуеит.